Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирны­леит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атема иазкуп. Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.
Август мза 14 азы ақырҭуа фашистцәа рыр Аҧсны ианалала раҧхьа ахымца иадыргаз аҧсуа қыҭақәа ируакуп Тамшь ақыҭа. Абри ақыҭаҿы ауп дахьиз, ақырҭуа ар рмагәшьхәа иадыргаанӡа дахьынхоз аҧсуа шәҟәыҩ­ҩцәа абыргцәа рабиҧара иаҵанакуа Нури Бараҭелиа. Уи иблала ибеит аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлари егьырҭ иақырҭуам амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ргәырҽанӡамкәа изыниаз арыцҳара. Ирхырго агәаҟрақәеи азалымдарақәеи иахьагьы ибла иабоит… Убри азоуп ари абырг ааигәа…
Ишаҳдыруа еиҧш, Аҧсны ахыи-аҵыхәеи, уи анҭыҵи иззымдыруа, измаҳац дыҟам, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аӡбахә. Аха аҧсуа ажәаҧҟаҿы ишаҳәо еиҧш: «Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом». Убас, ансамбль аҭоурых сагәылалаанӡа, иааркьаҿны иазгәасҭарц сҭахуп, уи аиҿкаара шыҟалаз.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me