Адгәыр Ӡиӡариа идунеи лаҧшхырҧагам, лаҧшҵашәарам, ахатә ҧсҭазаара змоу, иҟаҵәҟьоу ауп, лабҿаба иубарҭоуп, анаурқәа рыла еибаркым, аҵабырг еиднакылоит, уи егьахылҿиауеит.
Асахьаҭыхҩы диит Аҟәа 1953 ш. маи 26 рзы, иналукааша аҧсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, акыршықәса инеиҧынкыланы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут напхгаҩыс иамаз, ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа иҭаацәараҿы.
Адгәыр асахьа ҭихуан данхәыҷӡаз, ахәыҷбаҳчахь данныҟәоз инаркны. Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратәи аҧсуа школ данҭалагьы, асахьа шҭихуаз зегьы ираҳахьан. Ашкол данҭаз акәзар, акласс аҟны иразҵаауан досу занааҭс иалихирц ииҭахыз азы, иара аӡәгьы диазҵааӡомызт – дышсахьаҭыхҩхоз рдыруан.
Аҟаза иусумҭақәа рҿахәы рхала ирҳәоит, ахҳәааҟаҵара рҭахӡам. Илиршарц ииҭаху, – ахәаҧшҩы игәаҵаҿынӡа инеиуа аусумҭақәа раҧҵароуп. Иаҧиҵо рҿахәы рхала ирҳәо ианиқәҿиа, иара изы – баша иаамҭа нихӡом ауп иаанаго.
Адгәыр асахьаҭыхратә школ ашҟа дныҟәон, егьбжьаижьуамызт. Рҵаҩцәас иман асахьаҭыхҩцәа Хә.Аҩӡба, В.Иуанба, И.Ҷкадуа, А.Моторнаиа уҳәа егьырҭгьы. Адгәыр амаҭәарқәа зегьы ргәынкылара изымариан.
1970 шықәсазы абжьаратә школ иалгаз Адгәыр, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿгьы иҵара хиркәшеит. 1977 ш. рзы аҟазараҭҵаара азанааҭ ала Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа далгеит. Аҧсныҟа данаа амҭак азы аус иуан Аҧсны акультура аминистрраҿы, ашьҭахь Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы асахьеи акомпозициеи рмаҭәар дирҵон.
Адгәыр уи ала иҭахрақәа изхарҭәаауамызт. Усҟан Аҧсны ирыламҵәацыз аспорт хкы «Карате-до Сито-каи» Аҟәа ианеиҿыркаа далалеит. Ҭеиҭыҧшла, махашьахала данаалон аҟнытә, иеигәырҕьаны дрыдыркылеит. Аҽазыҟаҵарахь дныҟәон. Убри нахыс аҟазараҭҵаареи асахьаҭыхреи рнаҩсан, ихшыҩ зызцаз, бзиагьы иибаз аспорт хкы даара дазҿлымҳахеит. Лассы-лассы аицлабрақәа дрылахәхон. Иахьа аҟаза ҳәа дшьоуп, ахҧатәи адан иаҭәашьоуп. Жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ ҳәа дыҟоуп. Еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа, ачемпионатқәа рҟны акырынтә ӡбаҩыс далырххьеит. «Карате-до Ситокаи» актәи адунеитә чемпионат аҟны ӡбаҩыс дыҟан. Урыстәылан еиҧш, анҭыҵ зныкымкәа ӡбаҩыс днарҧхьахьеит. Абасала, асахьаҭыхра анаҩсангьы Адгәыр бзиа ибоит аспорт, уи азҟаза ҳәа дыҧхьаӡоуп.
Адгәыр изанааҭ хада асахьаҭыхра ҳазыхынҳәуазар, аспортгьы бзиан, аха дазыҧшӡамкәа иоуз аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Естониаҟа дцоит. Хықәкыс иман занааҭла дсахьаҭыхҩны ашьақәгылара аҽазышәара. Еиҳа дазҿлымҳан ҳаамҭазтәи аҟазара, атәыла анҭыҵгьы аҿиашьа амҩақәа реилкаара. Балтика иаҧну ареспубликаҿы мраҭашәаратәи аҟазара адырразы еиҳа аҭагылазаашьа аиура дақәгәыҕуан. Усҟантәи аамҭазы, еиҳаракгьы Аҧсны аҩнуҵҟа, иузалыршомызт адыррақәа рымҽхак арҭбаара, убри ауп Таллинҟа ицара хықәкыс иамазгьы. Еиликаауан атәыла анҭыҵ зынӡа даҽа хырхарҭақәак рыла ишҿиоз аҟазара. Гәык-ҧсыкалагьы иҭахын агәылаҧшра, уи аҟны ихгьы ааирҧшырц.
Таллин асахьаҭыхраҿы аестамп атехника ҭиҵаауан, еиҳарак акомпозициа дазҿлымҳан. Рҵаҩыс имаз агәыблра илыркит. Иахьа даназхәыцуа, Таллинҟа ацаразы еихигаз ашьаҿа иашан ҳәа игәы иаанагоит. Азнеишьаҿы агха имыхьит, идырреи иҧышәеи ирызирҳаит.
Естониантә даныхынҳә, Аҟәа ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны иҭыҵуаз ашәҟәқәа сахьала еиқәиршәон. Б. Шьынқәба, Ф. Искандер, Б. Аџьынџьал, Гь. Ӡиӡариа уҳәа рышәҟәқәа рцәақәа рсахьақәа ҭихит. Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» адаҟьақәа рҟны иусумҭақәа ркьыҧхьуан. Аҟәа ақалақь аҟны «Аҵангәара» зыхьӡырҵаз акомплекс аҭӡқәа сахьала идырхиеит Адгәыри Алик Шьанааи.
1988 ш. рзы иаалырҟьаны агәаҟрақәа дрықәшәеит асахьаҭыхҩы. Рацәак рыбжьымсӡакәа иаби иани рыҧсҭазаара иалҵит. Азныказы арҿиаҩы даара иҧырхагахеит иоуз агәеиҵахара. Аха уи иаиааитәын, даҽа мҩак ыҟамызт. Шьҭа аҧсҭазаараҿы еиҳагьы аҭакҧхықәра идызҵоз имҩа иацҵатәын. Аҟәа иоураны дыҟан ихатә ҟазарҭа. Иҭахын аграфикатә ҟазарҭа аиҿкаара, аха зегь хыбгалеит, ирымҭеит. Хара имгакәагьы Москваҟа диасуеит. Баш дызтәомызт. 1989-1990 шш. раан Санкт-Петербург дыҟан. Асахьаҭыхратә ҟазарҭақәа руак аҟны арҿиара инапы алакын. 1989 ш. инаркны аҿыханҵа ашҟа диасит. Аграфика аамҭала иаанижьуеит.
1991 ш. инаркны Москва аусумҭа ҿыцқәа аҧиҵон. 1982-1985 шш. раан апрофессор Виве Толли лҟазарҭаҿы иоуз адырра иаҧхьаҟа шьахәла ихы иаирхәартә иҟалеит аусумҭақәа раҧҵараҿы. Адгәыр Ӡиӡариа иусумҭақәа рыла дрылахәхахьеит ацәыргақәҵақәа, Аҧсни, Москвеи, Санкт-Петербурги реиҧш: Мехико (Меқсика), Генуиа (Италиа, 1989), Берлин (Германиа, 1991), Миунхен (Германиа, 1993).
Дрылахәхахьеит иара убас жәларбжьаратәи апленерқәа: арҿиаратә ҩны «Сенеж» (Урыстәыла, 1988), Устка (Польша, 1989), Шведт/Одер (Германиа, 1996; 1997).
Асахьаҭыхҩы хаҭалатәи ицәыргақәҵақәа мҩаҧысхьеит: Берлин (Германиа, 1995; 1996), Штокхаим (Германиа, 1997), Кронах (Германиа, 1998 ш.), Пренслау (Германиа, 1999) ҩыџьара, Берлин (1999). 2013 ш. акәзар, Москва, агалереиа «Шьазина» аҟны ицәыргақәҵан хҩык аҧсуа сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа «Арт-Монако». Монакогьы даҽа цәыргақәҵак мҩаҧган иусумҭақәа алархәны, ихаҭа дзымцазаргьы. Иусумҭақәа цәыргақәҵан Германиагьы. Иусумҭақәа ахәшьара бзиа рыҭауа ирыхцәажәахьеит аҟазараҭҵааҩцәеи асахьаҭыхҩцәеи маҷҩымкәа.
2004 ш. рзы Берлин акардиологиатә центр ахыбра иахьаҵанакуа, раҧхьаӡа акәны иаартхоит асахьаҭыхратә галереиа. Уи хҭыс дуны иҟалеит. Аха уаанӡа, имҩаҧысраны иҟаз ацәыргақәҵа алахәхаразы еиҿыркааит аконкурс. Адгәыр Ӡиӡариа иусумҭақәагьы заа ишьҭит. Асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рыхәаҧшраан еицҿакны ихьӡ рҳәеит, дагьаиааит аҧсуа сахьаҭыхҩы. Иусумҭақәа рыла иаартхеит раҧхьатәи ацәыргақәҵа. Аригьы еихьӡара бзиоуп, аҟаза иусумҭақәа ахәшьара рыҭаразы, рӡыргараҿы даҽа хырхарҭак аатит.
Иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Шьазина Агрба лаҧшьгарала Адгәыр Ӡиӡариа иусумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаан Москва, Ажәытә Арбат ҳәа иахьашьҭоу ацәыргақәҵатә зал аҟны (2001).
Асахьаҭыхҩы аграфика еиҳа изыманшәалан, мыцхәы аџьа ибомызт. Аҿыханҵа ашҟа даниас, еиҳа ауадаҩрақәа ацын, аха ақәҿиарақәа ааирҧшуан.
Ҳаамҭазтәи асахьаҭыхратә ҟазара иаку игәаанагарақәа хшыҩҵакыла ибеиоуп. Асахьаҭыхҩы ихаҭара злашьақәгылоу зынӡа иџьашьахәуп.
Ахаҭаратә мчхареи аинтеллекти, адоуҳатә еиҿкаара аҩаӡареи рышҟа иаларсуп акультура, хазы игоу асахьаҭыхҩы ирҿиара иҟанаҵо аныррагьы. Х.Кортакар излеиҳәаз ала, асахьаҭыхҩы ашьҭазааҩ диҩызоуп. Ирҿиара аҟазшьеи аҩаӡареи ҳаамҭазтәи асахьаҭыхра ашәагазагақәа ирықәшәоит, убри азы акәхап аҳәаанырцә зныкымкәа ицәыргақәҵақәа қәҿиарала изымҩаҧысхьоугьы.
Адгәыр Москва аҟазара амаҵ азызуа аӡәырҩы дырзааигәахеит. Иҭаацәара рылагьы дгәырҕьартә дыҟан, иҧшәма Лиудмилеи иареи ҩыџьа аҭыҧҳацәа – Камеи Ланеи рыхшеит. Досу рҵараҿы ақәҿиарақәа рыман. Аҧхынразы ҧсшьара Аҧсныҟа иаалон. Адгәыр дахьыҟазаалакгьы аҟазара адунеи аганахь изыргыломызт.
1992 ш. август 14 рзы Қырҭтәыла ар Аҧсны ианалалоз Адгәыр Москва дыҟан. Сахьхәарҭахаша ҟалап ҳәа адырҩаҽныҵәҟьа, иҧшәмеи ҩыџьа ихәыҷқәеи аҩны иааныжьны, иара дназлаз гәыҧҩык аҧсуаа рыҷкәынцәа еицны Москвантә Аҧсныҟа амҩа иқәлеит. Аҧхьа Нхыҵ-Кавказ, Нальчик инеит, уантә ашьхақәа ирхыҵны Гәдоуҭа икылсит. Гәдоуҭатәи арезерв аполк аилазаараҿы дыҟан. Аамҭак азы – Афон Ҿыц итәаз ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рҟны. Мызқәак рышьҭахь, иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, Москваҟа дыхнымҳәыр амуит. Москва инхо аҧсуаа зегьы реиҧш, уи нахыс иҧсадгьыл гәыҵхас иман, еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәагьы ихы рылаирхәуан. Аҧсны иагаз Аиааира, иҧсадгьыл ахақәиҭра ихаҭагьы ихақәиҭроуп, иҧеиҧш акәны дахәаҧшуеит.
Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рнылон еиуеиҧшым Москватәи ажурналқәа. Испорттә ҧсҭазаара акәзар, иалацәажәон Москва иҭыҵуа ажурнал «Долзе» (2002) уҳәа рдаҟьақәа рҟны.
Адгәыр Ӡиӡариа 1977 ш. инаркны далахәхеит СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгыла асахьаҭыхҩцәа ҿарацәа рсекциа, 1987 ш. инаркны СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит. 1995 ш. раахыс ИуНЕСКО асахьаҭыхҩцәа жәларбжьаратәи рассоциациа далоуп, 2000 ш. раахыс – Москватәи асахьаҭыхҩцәа Реидгыла. 2000-2003 шш. рзы агазеҭ «Россия» аҟны аус иуан акарикатура аганахьала, 2008 ш. нахыс – ажурнал «Русский Newsweek” аҟны. 2008 ш. рзы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла аҟазараҭҵаара аҟәша деиҳабын, 2011 ш. инаркны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс далырхуеит. Аиҿкааратә зҵаатәқәа рыӡбараҿгьы иааҧшуан асахьаҭыхҩы ибаҩхатәра.
Ихаҭагьы, икәша-мыкәша игылоу иҩызцәагьы, агәра рзымго иааидгылаз 70 ш. ихыҵра рацәак аҵакы аиҭаӡом, макьана иқәра зынӡагьы инырыртә дыҟам.
Адгәыр иусумҭақәа рахьтә еиҳа иалукаауазеи ҳәа уиазҵаар иҭахӡам. Урҭ зегьы ан лыхшара неилых ҟамҵа дшырзыҟоу еиҧш дырзыҟоуп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус здиулоз иреиуоуп Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рперсонажцәа рхаҿсахьақәа, егьиқәҿиеит. Асахьаҭыхҩы уажәы Аҟәа аусумҭа ҿыцқәа аҧиҵоит. Арҿиаҩы изы аратәи аҧсабара еиҭаҳәашьа амаӡам.
XX ашә. аклассикцәа ҳәа иҧхьаӡоу: Пикассо, Паул Клее, Марк Ротко, Раушенберг реиҧш иҟоу иара ихатә дунеи иазааигәоуп, русумҭақәа агәацҧыҳәарагьы ирҭоит.
Асахьаҭыхратә ҟазара есааира амаӡақәа аҵызхуа, хшыҩҵакыла инарҵаулоу аҭыхымҭақәа знапы иҵызхуа аҟаза иусумҭақәа еиҳау ахәшьарагьы роуеит. Ус анакәха, аханатә еиҧш асахьаҭыхҩы аизҳара амҩа дануп. Адгәыр Ӡиӡариа арҿиараҿы макьана ииҧшааша имоуп. Абаҩхатәра еснагь ақәҿиарақәа ацуп. Ииубилеи идныҳәалауа асахьаҭыхратә ҟзараҿы еиҳау аихьӡарақәа изеиҕьаҳшьоит.
В. Аҧҳазоу