Адҵа инақәыршәаны

Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә напхгара аҳасабала аҭаразы адҵа аҭоуп.

Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ареспубликатәи аҭыԥантәи (амуниципалтә) хатәтәра иаҵанакуа аобиектқәа рсиа иарбоу азҵаара иашьашәалоу аиҭакрақәа ралагалареи абри ақәҵара анагӡара иахәҭоу ахылаԥшра аҭареи рзы аҭакԥхықәра адҵоуп.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me