Аби аҧацәеи

13 Мшаҧы 2023 14:08
Август 14 рыцхә еиқәаҵәаны наӡаӡа ианхалоит аҧсуа жәлар рҭоурых. Зхы ҩышьҭхны, зыбҕа ааиҵыхны зҿахәы зҳәарц зхатә ус зхала изыӡбырц инақәызкыз аҧсуа жәлар ргәы рҽанӡамкәа, иагьазыҟаҵамкәа дрықәлеит аҕа хәымга. Еимгеимцарак иалагӡаны, ахаҵа гәы зызҭаз, аҧсуа шьа злаз шәага-зага змаӡам аламыс змаз зегьы аӡәк иеиҧш рхы дырхеит Аҟәаҟа аҕа хәымга иаанкылараз. Мышқәак рышьҭахь урҭ ирывагылеит ҳашьцәа – нхыҵи-аахыҵи рҟынтәи.
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Тҟәарчал ахаҿра арԥшӡара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Тҟәарчал ақалақь имҩа­ԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеи­ҳәеит. «Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас, Тҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәа­сҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥқьаҭмпыл асырҭеи ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳа­ргылеит», – ҳәа…
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аахыҵ-Уаԥстәыла ихыркәшахеит Аԥсны акультура Амшқәа. Акультура Амшқәа рхыркәшара Ацеремониа мҩаԥысуан К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me