Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Ӡиӡариа Оҭар Платон-иҧа (Ӡари-иҧа) имонографиақәеи истатиақәеи реизга «Аматериалқәа аҧсуа-адыга бызшәақәа рлексикологиеи азеиҧш бызшәадырреи рзы» зыхьӡу, аҧсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵаарадырраҿы акырӡа зҵазкуа, шықәсы рацәала еидкылоу, бызшәадыррала иҭҵаау, ҭоурыхла ишьақәырҕәҕәоу аусумҭақәа реизгоуп.