2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьалақәа рыҟаҵара иазкын хәажәкырамза 28 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аҭҵаара­дыррақәа Ракадемиа азеиԥш усуратә еизара.
86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрс, АССР Иреиҳаӡоу асовет адепутатс, 1993-2005 шықәсқәа рзы Аԥсны афинансқәа рминистрс аус зуаз Бганба Лили Дыгәыжь-иԥҳа.
Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амаругақәа раахәара инамаданы аинфраструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me