Ҳаҧсадгьыл Аҧсны аҭоурых иагәыҵаҵәаху, иҳәам, ицәыргам, иаартым ахҭысқәеи арыцхәқәеи рацәаӡоуп. С. Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи ацәыргақәҵатә зал аҟны иаартын «Ажәытә аҧсуаа аҳцәа Ачаа рхылҵшьҭрақәа рфотасахьақәа рцәыргақәҵа» зыхьӡыз. Ацәыргақәҵаҿы 125 патреҭ ыҟоуп. Аҧсны ахы-аҵыхәа иахьыҟазаалак еидкылан.Аинформациеи апатреҭқәеи еизыргеит Ачба Лиа Енвер-иҧҳаи, Ачба Алинеи. 2014 шықәсазы Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иӡырган.