Лыхнытәи арԥыс Сҭеԥан Анатоли-иԥа Гагәлиеи зықьҩыла уи иҩызцәеи рыԥсыцқьақәа зыхҭнырҵаз, усҟан имицыз уи иԥеи, игәараҭа иахьа иҭзырҭәаауа имаҭацәеи назлоу Аԥсны аԥеиԥш наӡаӡа ажәҩан лаша аҵаҟа рыбзазара маншәалазарц азоуп.
Амца, аҭакар, иаалырҟьаны Аԥсны ианацрала, ҳажәлар еиланаргьежьит. Рхы-ргәы ҵнаблааит. Аха ршьамхы рыҵамҟәалеит. Арма-ӷьырмала акәымкәа, еидгылан.
Аҧсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба еицырдыруа ицәаҳәақәа Адунеижә, цәгьа уеижьагоуп… ззикыз аибашьра акәӡамызт, зынӡа даҽакын, аха иҟоуп ажәақәак, цәаҳәақәак еснагь актуалра змоу, еснагь аамҭа иашьашәалоу.

Апресс-конференциа

26 Жьҭаара 2023 12:52
Октиабр 23 рзы Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Урыстәыла арегион ҿыцқәа аус рыцуразы ахаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниеи Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәбеи амассатә информациа аусзуаҩцәа алархәны апресс-конференциа мҩаҧыргеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me