Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҧақәашь иаартуп ашьапылампыласырҭа маҷ

Шықәсык аҩнуҵҟа имҩаҧысуаз аргыларатә усурақәа  ирылҵшәаны, Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан   иаадыртыз  ашьапылампыласырҭа маҷ ақыҭа ауааҧсыра рзы ашықәс ҿыц аныҳәа иаанагаз аҳамҭа иаҩызахеит.

Аргылара алыршан Аҧыза-министр Александр Анқәаб ире­зервтә фонд аҟынтәи иазоужьыз ахарџь ала. Ҧақәашь ақыҭан Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь амца ацраланы иблит Владимир Ҧачлиа ихьыӡ зхыз абжьаратәи ашкол ахыбра ду. Акыр шықәса рыҩныҵҟа ашколхәыҷқәа аҵара рҵон ақыҭа ахадара ахыбраҿы ирзалхыз ауадақәа рҿы.  Ҳәара аҭахума, административтә хыбра ашкол алхра иазыхиамызт, ашколхәыҷқәа ауадақәа иркуамызт, иҟалалон  ҩ-класск уадак аҟны еилартәаны аурокқәа анырзымҩаҧыргозгьы. Ақыҭа школ ахыбра ҿыц аргылара азҵаара ақыҭанхацәа рзы ихадаратәқәаз  иреиуан.

Ашкол ҿыц ахыбра аргылара алыршан ҩнызқьи  жәаҩа-жәаха шықәсазтәи ареспублика аҿиаразы акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны.  Усҟан ашкол ахадыргылеит,  аибашьра ҟалаанӡа ахыбра ҿыц  аргыларазы иҭадырҭәахьаз ашьапы. Уаҟа иазгәаҭаӡамызт ахәыҷқәа рҽахьазыҟарҵо аспортә зал.  Убри азоуп ашьапылампыласырҭа маҷ аргыларазы азҵаара  зышьҭыҵыз.

Ҧақәашьтәи алхырҭатә ҭыҧ хада аҟынтәи Жәлар Резиарахь депутатс далхуп Демур Гогиа. Иара иҿаҧхьа ақыҭауаа ари азҵаара изныкымкәа иқәдыргылахьан. Демур Гогиа иоуп  анхацәеи аиҳабыреи  ажәа рыбжьызгазгьы. Ашьапылампыл асырҭа маҷ аартра иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын  ақыҭа  ауааҧсыреи араион анапхгареи. Ацаха ҟаҧшь хырҵәеит Жәлар Реизара адепутат Демур Гогиеи  Ҧақәашь ақыҭа  ашьапылампыл азы  еизгоу акоманда аҟынтә зегь иреиҵбу ашьапылампыл асҩи. Аусмҩаԥгатә иалахәыз аҭыҧантәи анхацәа рцәажәараҿы изааҭгылон акраамҭа ишазыҧшыз ари ахҭыс. Иҭабуп ҳәа рарҳәеит адгылара рызҭаз аиҳабыра. Аҽны имҩаҧган ақыҭақәа Маркәылеи Ҧақәашьи, ақалақь  Очамчыреи еизгоу ркомандақәа злахәыз аицлабра.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me