Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ирҿиара есааира аҽарҭбаауеит

Ааигәа апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит. Валери Платон-иҧа Касланӡиа диит (23.11.1943) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ианашьоуп  Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.

В. Касланӡиа иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан дҭахеит, иаб иашьа, еицырдыруа актиор Леуарса Касланӡиа диааӡеит. Уи иҟнытә иоуз аныррала алитература дазҿлымҳахеит. Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа ршкол далгеит (1965), иара убас А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет (1970). Асовет аррамаҵура дахысуан. Аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы, аҧхьа еиҭагаҩыс, нас литературатә усзуҩыс. 20 ш. инареиҳаны аус иуит Аҧсны акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рыхьчаразы агәыҧ (аусбарҭа) ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы редакторс аус иуеит «Аҧсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы».

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1961 ш. инаркны. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа, апоемақәа, апиесақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы. Аханатә еиҧш, иҩымҭақәа рнылоит ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа – Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Аамҭа»  уҳәа егьырҭгьы.

1989 ш. В.Касланӡиа ипиеса «Апҟа» шкәакәа» иалху аспектакль С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылаеит. Ипиеса «Ахеилага» акәзар, иқәыргылан Шә. А. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭыҵхьеит акымкәа-ҩбамкәа ишәҟәқәа. Урҭ иреиуоуп: «Аҵәаҵлақәа шәҭуеит» (Ажәеинраалақәа); «Амш хазына» (Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы); «Алакәҧхыӡ» (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи); «Анҷакәынҷа» (Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Ацуфарақәа (Аҟәа – Маиҟәаҧ); «Иҿыцбараху адунеи ҩаӡаҿ» (Ажәеинраалақәа. Апоема. Алакәқәа. Апиесақәа); «Жьакәыргәымшәа» (Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа); «Иалкаау» (Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи, апиесақәа); «Аизга» (Ажәеинраалақәа, апоемақәа, аповест, ажәабжьқәа, апиесақәа). 


Валери КАСЛАНӠИА 

 

Араҟа сымҩасхьеит.

Аамҭақәа еиҭасхьеит.

Сышьҭа санхыла,

Аҭацәырахь сагеит.

Уаанӡа сзызхәыцуаз,

Избоит шьҭа,

Гәыжьжьаган.

Агәыӷра, снаскьазгоз,

Ахабаргьы сымбеит.

 

АЗАҴӘРА

 

Амш аҽҭахәлак

Иаҿуп ацара,

Иҟам ҭынхак ихабар,

Ҩызакгьы даақәымлеит

Дҟьалан.

Ҵыс хәыҷык ахала

Ҷырҷырроуп изҿу,

Иҟахап хьаак иарчалан.

Избаӡом.

Сабаӡом.

Еигәныҩуеит ҳагәқәа.

Лабжышқәак ланашьҭуеит.

 

Ҩ-САХЬАК

 

Аҟәа, агаҿа, амшын,

Амра, ашьхараҿ - асы.

Аҽны бареи сареи ҳаиԥшын,

Еилахон зынӡаск ҳаԥсы.

Еҭах агаҿа, амшын.

Аҟәа – сықалақь – сыԥсы.

Амра ӡаалоит… Аарцә сааԥшын –

Исыцәбон аӡшәах ласы…

 

АԤХЫН ԤСШЬАРАЗ

 

Зегь машәыруп, зегь машәыруп,

Избан Аҟәа зыбгәаԥхаз?

Иҟан Гагра, Гәдоуҭа,

Афон ссируп, маҷк еиҵаз,

Ма Пицунда, Очамчыра –

Дара ртәала зегь ԥшӡоуп.

Мап, баҭааит бара Аҟәа,

Уинахыс-аахыс сытҟәоуп.

Сазыԥшуп шьҭа аԥхын ааира,

Аҟәа ҷкәынӡахап еиҭа,

Аха Гагра… уа Пицунда…

Уахь багароуп – ҳаӷеиҭа…

 

ЗНЫМЗАР ЗНЫ

 

Сыԥхыӡ далҵхьан, ҳа ҳаицәыӡхьан,

Исыздыруамызт лхабар,

Сқәыԥшра хыхны сыԥсы иалаз,

Ҳаиниеит лакәҵас ҩаԥхьа абар!

Ҳа ҳнеилаҵәеит жәада, хаала.

Ас ҳаизааигәаны ҳҟамлац…

Лара дқәыԥшуп, сара сқәыԥшуп,

Қәыԥшроуп, уаҳа ҽак ҳамбац…

Ацәа салҵит сқәыԥшра шсымаз,

Иауам, сзалҵуам са сыԥхыӡ.

Сара усҟан убас сраҳаҭын,

Гәҩарак сауаанӡоуп дшысцәыӡ.

Зегь акоуп, са сиарҭа сҽылак,

Сгәалаҟара анарха згоит.

Насыԥ бымаз, ԥхыӡ исҭааз,

Знымзар зны саргьы сыббоит.

 

* * *

 

Иҟалазеи амш анҵәамҭаз,

Саанхеит схала сшыбзыԥшыз!

Амшын гәаауп, ҭынчрак амам,

Избоит сгәаҵа ишҭаԥшыз.

Амза хцәышаа ссахьа ҭнахын,

Ихцәышаан сыгага снарбоит.

Бҭелгьы бырцәан «еикәарҽуп» ҳәа

Ӡӷабк дымкьыкьӡа лыбжьы гоит.

Хаарак, ԥшӡарк збом сахьнеиуа,

Сызцом агаҿагь ааныжь.

Сызмырҭынчуа схәыцра схыхуа,

Ԥшак насҿахәмаруеит хрыжь-хрыжь.

 

АМҨАН АИҚӘШӘАРА

 

Ҳаиқәшәеит амҩан ҳгәы ҳҽанымкәа,

Шәцон, шәхәыҷы ссир дшәыбжьакын.

Абри амҩа ҽнак ҳанымкәа

Ҳазбахьадаз, ҳарҭ иаҳтәын.

Са смыцхәын, избон аргама.

Ааишьак амамызт ицаз.

Аха уи ҳахәҭак агама,

Мцак насылҟьеит сызбылуаз.

Ус, абаҳчаҿ ҳҽеидырхала,

Избеит ҳаидгылоушәа сахьцо.

Уа ҽаӡә дыҟам, ҳаҟоуп ҳхала,

Дыҟам быда сгәы ҟазҵо.

Шьҭа сзаҵәуп, еиҭымк сиҩызоуп.

Ба бзыԥсахша са дсымбеит.

Сыҟам анкьеиԥш, кыргьы сҩазоуп,

Ҳарҭ ҳаиԥызҟьаз еиԥхьыттеит.

 

АЗЫԤШРА

 

Аҳауа цқьоуп,

Аԥша гәыбзыӷуп.

Урҭ

Бҟазшьала ихыркуп.

Амш, иҿыхаз,

Бсахьа агәылоуп.

Бызҭоу адәыӷба

Сазыԥшуп.

 

* * *

 

Ашәҭқәа

Уаҵәынӡа

Рхаҿсахьа рҵәахуеит.

Ҭыԥҳа ссирк

Ԥхыӡ ссирк

Лҽалҭеит дахьыцәо.

Сгәаҵаҿы ицәырҵыз

Хәыцрак пытуеит,

Гәаҳәарак сзааго,

Мшынҵас исхыҵәо.

 

УХЫ УАМЫХӘАР…

 

Зны ҳлеиҩеиуеит,

Зны ҳаидтәалоуп,

Ҳагәмырҿыӷьгоуп,

Ҳажәа нҵәом.

Ҳанеиԥырҵлак

Иҟоу хашҭроуп,

Ҳшыԥсыз,

Ҳшыҟам

Ҳазбаӡом.

Ҳахьцалакгьы,

Иаабалакгьы,

Ҳаҩны-ҳгәарахь

Ҳарҭ ҳгьежьуеит.

Абра ҭынчроуп,

Ираҳаҭроуп,

Уҩнаҭоуп,

Агәы былуеит.

Аха абраҟагь,

Ухы уамыхәар,

Уусқәа даара

Ицәгьахоит.

Аԥсцәаҳа,

Ихырсасиуа,

Дҿыхар еиӷьыршьар

Ҟалоит.

 

СЫМЧ АНРЫЦЫМ

 

Ажәҩан цәышуп, иҭыггоуп,

Амра ацԥхьқәа ҿацам.

Ашәҭ игәылҵыз саԥхьа иҿоуп,

Аха ԥшӡарак азшаӡам.

Зегьы еицакуп сахьыԥшуа,

Сгәы ҟазҵаша збом џьаргьы.

Сымчқәа нрыцым сызлаԥшуа,

Сеиԥш иԥсадахоит даргьы.

 

АЗҴААРА

 

Уахьцалакгьы

Зегь гьангьашроуп.

Ԥсымҭәроуп иҟоу,

Аҳра зуа.

Са сызшада,

Иҟоу гәамҭа?

Дрыцҳагәышьоуп

Згәы былуа.

Аамҭа цоит,

Ахы иақәиҭуп,

Ак аацәырган

Ҽак агоит.

Аҵх еиқәара,

Ула зҷыҩуа,

Ақәҵра ааин,

Еимыггоит.

Ацәгьеи бзиеи

Еилаӡарак

Шрымоу ҩашьом,

Урзыԥшыр.

Нас иабаҟоу

Аҵқьа,

Аиаша,

Лакәны иаԥшьигоу

Ма ӡәыр?

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me