Сгәалашәара зырлашо амш

Ашәышықәсақәа раԥхьа жәларыкны иҟаз аԥсуааи абазақәеи иахьа аҳәаа шҳабжьоугьы амҩахәасҭақәа ҳаицырныланы ҳнеиуеит, ҳаизыҟазаашьақәа еихаҳҳауеит, ҳаимадара еизҳарҳауеит.

Уи инамаданы аԥсуааи абазақәеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргоит, аҿар ракәзар, уи иабзоураны еибадыруеит , рҭоурых еицҭырҵаауеит.

Сара сзы акырӡа иԥышәарҳагахеит, имҩақәҵагахеит, ААУ аҟны аус зуа сырҵаҩы, апрофессор-ажурналист Бебиа Екатерина Гьаргь-иԥҳаи,  сҩыза  Амҷԥҳа Мадинеи срыцны раԥхьаӡакәны Черкесск сцара.

Адунеи аҿы акырӡа ирацәоуп ақалақьқәа, урҭ зегьы рхатә ҭоурыхқәеи, рхатә маӡақәеи ргәылакуп. Черкесск акәзар, сара ҿыц исзаатыз қалақьхеит, уи аԥшӡареи, иаланхо сзабадырыз ауаа ргәыбылреи сгәы иҭымҵәо иҭоуп. Ари ақалақь аргыларақәа жәпакы рыла ибеиоуп, иубоит ԥшшәы рацәала еиԥшым аихагылақәа, аџьаамақәа, ауахәамақәа. Арҭ еиуеиԥшым аргыларақәа зегьы агәылак иамоуп аԥсабара ахаҭагьы. Ҭагалантәи аԥсабара ԥшшәы рацәала ианеибыҭо ақалақь иаҳагьы иԥшӡахоит, акырӡа уагәыланахалоит.

Черкесск хықәкылатәи ҳцара азкын уа имҩаԥысуаз аконференциа аҽалархәра. Ассоциациа «Алашара» еиҿнакааз аконференциа  мҩаԥысуан абҵарамза 30 рзы, иазкын иара ҷыдала Ан лымш, хысгьы иаман «Женские советы на современном этапе: региональные практики». Уаҟа дықәгылеит апрофессор-ажурналист Бебиа Екатерина­ Гьа­ргь-иԥҳа.  Лажәахә атема: «Роль женщины в сохранении традиции и культуры малых народов». Уи далацәажәеит Сариа Лакоба, Аза Гәынба-Агәмаа, Виолетта Маан, Ҭина Шармаҭ, Фардаус Кулова рҭоурых. Иара убасгьы, аконференциа аҿы ажәахә рыман абаза ҳәсақәа рацәаҩны, ауаажәларратә усура иалагылоу. Дара зегьы ганрацәала иахцәажәон ан -аԥҳәыс лҭыԥ егьа шәышықәса царгьы ихаданы ишынхо.

Уаҟа иқәгылоз аӡәырҩы ишазгәарҭоз еиԥш, ҵабыргхаҭаны аԥсҭазаараҿы ан -аԥҳәыс лроль зегь реиҳа ихадароу иреиуоуп. Ан лыхаареи, лажәа рази роуп лхәыҷқәа рыԥсҭазаара зегьы ирыцзаауа анаҩсгьы.


Саида Ҳаразиаԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me