Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахымҩаҧгашьа аҧҟарақәа ирызкны

Мышқәак раҧхьа Аҧсны  асоциалтә ҳақәа  рҟны иаацәырҵыз, архимандрит Дорофеи Дбар иҳәамҭа,  амилаҭтә цәаҩа иашьашәалоу ахымҩаҧгашьа  пату ззақәу зегьы иааиланарҩҩит, амассатә информациа ахархәагақәа ракәзар,  ажәабжь аашьҭҧааны  иҭҵааны иалацәажәеит.

Аҳәамҭа ахаҭа зызкыз, зыҧсҭазаара еилазҵо аҭаацәара қәыҧшқәа ачара аҽны Афон-Ҿыцтәи аберҭыҧ ахь рхалареи, уаҟа имҩаҧырго афотоссесиақәеи, дара ирыцу аҭыҧҳацәа реилаҳәашьеи, рхымҩаҧгашьеи уҳәа, изныкымкәа ҳабла иабахьо, аха Дорофеи Дбар  иҳәаанӡа ҳаззымхәыцхьаз ҳаҧсҭазаара иахәҭаку ахҭысқәа роуп.

Дорофеи Дбар, ачара зуа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, ауахәама аҭаараан аберҭыҧ аҿы аус зуа аҧҟарақәа  ирықәныҟәаларц.  Ишдыру еиҧш, Афон ҿыцтәи аберҭыҧ ахацәа рхала иахьынхо уахәаманы иҟоуп,  Аҧсны аҩнуҵҟа уаҳа аиҧш зеиҧшугьы ыҟаӡам. Аберцәа  аҭаацәара ишаламло азы ҭоуба здызкылахьоу уаауп. Убри аҟынтәи асеиҧш иҟоу ауахәамақәа рҿы шамахаӡамзар, иҷыдоу ҭагылазаашьак ыҟамзар, агәаргьынхаҵара мамзаргьы аҭаацәара раҧҵара иадҳәалоу ахҭысқәа мҩаҧыргаӡом. Абри атәы Facebook аҿы имоу ихатә даҟьаҿы иҩит, Аҧсны иҧшьоу Амитрополиа ахеилак ахантәаҩы, архимандрит Дорофеи Дбар. Иара инарҭбааны далацәажәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атрадициа ҿыц шышьақәгылаз, аҭаацәара аҧызҵо зегьы Афонтәи аберҭыҧ ахь рхалара хымҧадатәны ирыҧхьаӡо ишыҟалаз атәы. Убри аан иазгәеиҭоит ииҳәо ҵакыс иамоу– шәмааин, шәхамлан ҳәа шакәым. Зыӡбахә имоу зынӡа даҽакуп – еицрыхәхәа мҩапала аберҭыҧ ахь амузыка абжьы аҕьны изхылҵуа, мамзаргьы асигналқәа рыбжьы рго ихало амашьынақәа рыҧсҟы зку еилыркаауазар ауп, арҭ иҧшьоу аҭӡамцқәа рыҩнуҵҟа ишынхо аберцәа, ауахәамаҿы ишымҩаҧырго ауаарацәа злахәу  Анцәа имҵаматанеира, уи инаҷыдангьы  Анцәа иҭыҧ ҳәа иҧхьаӡоу аҧшьаҭыҧ аҿы ахымҩаҧгашьа зынӡа даҽакызар ахәҭоуп. Иара убасгьы, Аҧсны иҧшьоу Амитрополиа ахеилак ахантәаҩы, архимандрит Дорофеи Дбар иҳәамҭаҿы хазы далацәажәеит еицу рышәҵатәгьы. Ишдыру еиҧш, ауахәама иахьаҵанакуа иҟалаӡом мыцхәы ацәеижьы ахтра. Сгәы иаанагоит араҟа имыцхәуп, алацәажәарагьы аҭахым ҳәа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳҿар рҽеилаҳәашьа атенденциақәа. 

Аҧсуаа рзы, еснагь иҧшьан анышәынҭрақәа. Ауахәама иазааигәаӡаны иҟоуп,  1992–1993 ш. рзы Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҳаҭгәынқәа. Урҭ  афотосессиақәеи агәырҕьаратә усмҩаҧгатәи рдекорациа аҳасабала  хархәара анарҭогьы ыҟоуп. Абраанӡа амхәыцра ухахьы аагара уадаҩуп. Аберҭыҧ аҿаҧхьа иҟоу адәҳәыҧш аҿы аишәа дырхиоит, адныҳәаларақәа ҟарҵоит, арыжәтә џьбарақәа ржәуеит. Ианцогьы иахьтәаз-иахьгылаз аҭыҧ мрыцқьаӡакәан, агәамсам  зны-зынла ачықьқәа инырцәыҵаргыланы  ианаҧырҵуа ыҟоуп. Иара иҧшьоу Пантелеимон иуахәама ахаҭа аҭаарагьы авидеонҵамҭақәеи афотосахьақәа рыҟаҵареи мацара ианрызкугьы ҟалалоит. Абас ала, еилкаауп аберҭыҧ иаҭаауа зынӡа ишазымхәыцуа иахьыҟоу аҭыҧ аҵакы.

 Дорофеи Дбар  иҳәоит «ачарауаа» рхымҩаҧгашьа ауахәама иаҭаауа зегьы ишырбо. Угәы узырхьуа акәзаргьы, ҳатрадициақәа ирцәыхароу, аҧхын аамҭазы хыҧхьаӡара рацәала аберҭыҧ ахь инеиуа аҧсшьаҩцәа уи аҩыза рхы  иаҭәаршьаӡом. Афон-Ҿыцтәи аберҭыҧ аҿы инхо аберцәа еилкаарыла иазнеиуеит аҿар рхымҩаҧгашьа. Аҳәарас иҟарҵо, аҧшьаҭыҧ  гәымбылџьбарала азымнеира ауп.  Ишдыру еиҧш, ари ус баша иҧшьоу хыбраны иҟаӡам. Афон-Ҿыцтәи ауахәама аҵанакуеит Аҧсны аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рахь. Ауахәаматә комплекс аҩныҵҟа инхои хыҧхьаӡара рацәала иаҭаауа аҭыҧантәи анхацәеи ирылшо зегьы ҟарҵоит аҭыҧ аиқәырхаразы.

Дорофеи Дбар ааҧхьара ҟаиҵеит, ачарақәа раан ихало ауаа аҭыҧ ишақәнаго рхы мҩаҧыргаларц азы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me