Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Алашара» №6

Ааигәа  иҭыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу  алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» изаамҭану  афбатәи аномер.

Апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа 80 ш. ихыҵра инамаданы аҭыжьымҭа аатуеит иажәеинраалақәа рыла.

Ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа ирнылахьаз иповест «Мезиҭҟа ахалара» анҵәамҭа акьыԥхь абеит.

Апоезиа иаҵанакуеит Заира Ҭҳаиҵыкә лпоема «Алахьынҵа». «Аҿар рыбжьы» арубрикала икьыԥхьуп иара убас Џьамбул Инџьгиа иажәабжь  кьаҿқәа.

Апоет Геннади Аламиа аԥсшәахь еиҭеигаз Уилиам Шекспир идраматә рҿиамҭа «Акрал лир»  акьыԥхьра хыркәшоуп.

Апублицистика еиднакылоит: Анатоли Лагәлаа ажурнал иазирхиаз Владимир Занҭариеи Нодар Ҷанбеи рыҿцәажәарақәа. «Шьала иҩу ашәҟәқәа» ахьӡуп Екатерина Бебиа лкьыԥхьымҭа. Валентин Кәаӷәаниа истатиа «Иналукааша аҵарауаҩ, апоет, аиҭагаҩ» аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа  диижьҭеи  85 ш. аҵра иазикит.

Аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр 90 ш. ихыҵра иазкуп Валери Бигәаа истатиа «Аныҟәашәеи анархеи».

«Аиааира – 30 шықәса» арубрика еиднакылоит Саида Ҳаџьымԥҳа иазлырхиаз Беслан Кикориа иҿцәажәара «Исыцеибашьуаз рылымкаа фырхаҵаны схы сыԥхьаӡом». Араҟа ихыркәшоуп Шьазина Џьопуаԥҳа лымшынҵақәа «Шәиԥхьыӡ згымхаша аибашьра». «Сгәы зыздуу сҩыза…» ахьӡылҵеит З.Ҭҳаиҵыкә илкьыԥхьыз лыстатиа.

«Ашәҟәы ҿыцқәа»  арубрикаҿы аԥхьаҩ идгалоуп ҿыц иҭыжьу ашәҟәқәа рыхәҭак рыхҳәаа.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурнал «Алашара» аредакциеи ажурнал аҟны иркьыԥхьит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз апоет, ажурнал «Амцабз» аредактор хада Инна Аҳашба лгәалашәара иазку анекролог.


 

В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me