Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа! ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра!
Аҭҵаарадырреи, аҟазареи, ауаажәларратәи аполитикатәи усуреи рҟны шәхы аарԥшуа, Шәара алагаламҭа ду ҟашәҵеит аԥсуа жәлар рмилаҭхақәиҭтәратә қәԥараҿы.
Ҳаҭыр ақәҵатәуп Аԥсны акультуратә, аҭоурыхтә, адоуҳатә ҭынха аиқәырхараҿы, жәларбжьаратәи агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы шәлагаламҭа.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ганрацәала шәнапы злаку аусураҿы ақәҿиарақәа!»
Иара убас Станислав Лакоба Имшира идиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.
Станислав Зосим-иԥа Лакоба диит 1953 шықәса февраль 23 азы Аҟәа. Ашкол данҭазгьы археологиеи аҭоурыхи дрызҿлымҳан, дрылахәын амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥыргоз ажрақәеи шьхатәылатәи аекспедициақәеи.
С.Лакоба далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Акыршықәса корреспондентс аус иуан агазеҭ «Советскаиа Абхазиа» аҟны, нас Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рыхьчара Аилазаара аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс. 1985 шықәсазы «Аԥсны актәи Урыстәылатәи ареволиуциа ашықәсқәа раан» атемала акандидаттә диссертациа ихьчеит.
1980-1999 шықәсқәа рзы Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, аҭоурыхи, алитературеи Аԥснытәи ринститут (иахьа – Аԥсуаҭҵааратә институт) аҟны ҭҵаарадырратә усзуҩыс, аҭоурых аҟәша аиҳабыс аус иуан. 2000 ш. инаркны 2004 ш. азынӡа инаԥхьаз профессорк иаҳасабала аҭҵаарадырратә усура даҿын ауниверситет Хоккоаидо (Иапониа) аславиантә ҭҵаарақәа Рцентр аҟны. Убраҟа иҭижьит ҩ-шәҟәык: «Аԥсны – де-факто мамзаргьы Қырҭтәыла-де-иуре?», «Аԥсны аимпериақәа ҩба рышьҭахь. XIX-XXI ашә. Аочеркқәа».
Лакоба иҭҵаарадырратә интересқәа рымҽхак ҭбаауп. Урҭ ирыҵаркуеит Кавказ ажәларқәа рҭоурых, ркультура, адунеитәи арегионтәи аполитика, мрагыларатәи апоезиа, апроза. Уи дравторуп Аԥсни Кавкази рыжәларқәа рҭоурыхи, рполитикеи, ркультуреи ирызку шәкы инареиҳаны ашәҟәқәа, амонографиақәа, арҵагатә шәҟәқәа, астатиақәа аочеркқәа уҳәа.
«Аԥсны аполитикатә ҭоурых аочеркқәа», «Асланбеи», «Қарҭынтәи аҭоурыхҩҩцәа рахь аҭак» уҳәа Лакоба иусумҭақәа ирныԥшуеит Аԥсны ажәытәи аҿатәи аҭоурых ахәшьара ҿыцқәа рыҭара. Станислав Лакоба иара убас авторс дрымоуп апоезиатә, апублицистикатә ҩымҭақәа жәпакы. «Сухум-Кале аҟны амшқәа мҩасуан…» ҳәа захьӡу ишәҟәаҿы иҟоуп А.Белыи, О.Мандельштам, В.Каменски, Аԥсны иаҭаахьаз, уи иазкны аҩымҭақәа аԥызҵахьаз еицырдыруа апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы ирызку ахқәа.
С.Лакоба 1991 ш. азы Аҟәа иҭыжьыз арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсны аҭоурых» аредактор хада иоуп. Уи еиҭаҭыжьын Гәдоуҭа 1993 ш. азы. 2006, 2015 шықәсқәа рзы академик Олег Бӷажәбеи иареи еицҭрыжьит 10-11 аклассқәа рзы «Ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳамшқәа рҟынӡа Аԥсны аҭоурых» арҵага шәҟәы.
Убри ашәҟәы ала аҭоурых ддырҵоит Аԥсны ашколқәа рҟны мацара акәымкәа, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟынгьы.
Станислав Лакоба политикк иаҳасабала активла далахәын Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара», зныкымкәа дықәгылахьан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аизара дуқәа рҟны, ақырҭуа ҵарауаа дырҿагылон аԥсуа ҭоурыхи акультуреи рызҵаарақәа рганахьала, ихьчон аԥсуа жәлари урҭ рҳәынҭқарреи рхалаҟазаара.
Станислав Лакоба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет (1991-1996) адепутатс дыҟан. 1993-1994 шықәсқәа рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс, 1994-1996 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс.
Уи дрылахәын ООН ахадарала, Урыстәыла абжьаҟазарала, ОБСЕ алахәрала ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа.
2005-2009 шықәсқәа, 2011-2013 шықәсқәа рзы Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан.
Станислав Лакоба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп. Ҳазну аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны XIX-XX ашәышықәсақәа рзы Аԥсны аполитикатә ҭоурых азҵаарақәа ирызку акурс ҷыдақәа дрыԥхьоит Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны.
Б. Қаџьиа