Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа

Март ҩба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа. Уи хықәкыла иазкын ааигәа атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа иусуратә ныҟәареи Ареспублика Беларус ахь инеиреи рылҵшәақәа. Убри инаҷыданы Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ажурналистцәа егьырҭ ргәы иҵхо азҵаарақәагьы рҭак аҟаҵара дшазхиоу.

Аслан Бжьаниа аҧсуа телехәаҧшра акорреспондент Фатима Гьергьиа-ҧҳа «Раҧхьаӡа акәны аҭоурых ҿыц аҿы Аҧсны Ахада Беларусиа иаҭаара иарааигәанатәуама Беларусиа аганахь ала Аҧсны азхаҵара?» ҳәа лызҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит иаҳхысыз ашықәс азы Аҧсны даҭааны дшыҟаз Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенко. Уи Аҧсны иҟазаара аан ааҧхьара ииҭеит Беларусиаҟа инеира дшазыҧшу ала. «Иахьа иҟоуп аӡәырҩы уахь сцара згәамҧхақәаз, имаҷымкәа ацәажәарақәа цәырнагеит, аха ари аҩыза азҵаара ду аҿы ихадоуп анапхгара аимадара анрыбжьоу. Убри ауп уахь ҳцара хықәкысгьы иамаз», – иҳәоит атәыла Ахада.

Аслан Бжьаниа Беларусиа иҟазаара иалагӡаны дырҭааит еиуеиҧшымыз анаплакқәа. Убри аан иазгәеиҭеит ари арспублика иахьа аҿиара амҩа ишану, ирҿуҵаашагьы шырацәоу. Хықәкыла далацәажәеит атехнологиа ҳаракқәа Беларустәи Рпарк. «Ҳара иахьа ҳазхиоуп еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Беларусиеи ҳареи ҳусеицура. Минск ҳаҟазаара зҭахымыз, иаҧырхагаз амчқәагьы ыҟан, убри аҟнытә Беларусиа Ахада ҳаиҧылараан инаҵшьны иазгәеиҭон, Қырҭтәыла ари афакт даара ишыргәамҧхаз атәы», – иҳәеит атәыла Ахада.

Аслан Бжьаниа Минск иҟазаара алҵшәақәа дырзааҭгыло, инаҵшьны иазгәеиҭеит Беларусиа еснагь аиҩызаратә политика шымҩаҧнагоз ҳтәыла аганахьала. Ахәҭакахьала дазааҭгылеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра ашьҭахь ИАР атәылақәа рганахьала Аҧсны амацәаз аҭакра Беларусиа шадымгылаз. «Аҵыхәтәантәи аамҭазы Женева имҩаҧысӡом еицаҳзеиҧшу аиҿцәажәарақәа. Убри аҟнытә ҳара иахьа Женева ҳзыҧхьаӡаӡом Аладатәи Кавказ ашәарҭадара иазкны аиҿцәажәарақәа ахьымҩаҧаҳгаша ҭыҧны. Минск акәзар, ус еиҧш иҟалар алшоит, иагьыҟоуп, абри ахырхарҭала аус ҳаулароуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Минск имҩаҧысыз аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реицәажәара аан хықәкылатәи аиқәышаҳаҭрақәа алыршан. Урҭ рызкын атәылақәа рыҩбагьы ртәылахьчара аминистррақәеи амаҵзура ҷыдақәеи рхырхарҭала аимадарақәа рышьақәыргылара, економикала аусеицура арҭбаара.

Аекономикатә усеицура дазааҭгыло, Аслан Бжьаниа  иҳәеит Минсктәи аиҧылара аан аганқәа аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз Очамчыра араион аҟны еицырзеиҧшу апроект ду анагӡаразы. Уи азы аусурақәа ирылагоит 2024 ш. апрель мза иахымгакәа. «Аиқәы­шаҳаҭрақәа рыҧҟарақәа рыла Кындыҕ иаартхо ӡынгьы-ҧхынгьы аус зуло аҧсшьара-курорттә комплекс аусзуҩцәа 80 процент иреиҵамкәа Аҧсны атәылауаа ракәхоит», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит апроект аус адызуло Беларусиатәи аспециалистцәа шракәу. Аха убри аан аҭыҧантәи анапхгарагьы алархәхоит, аҳәынҭқарратә експертизагьы иахыжьхоит, аргылара азин рыҭаразы.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы Москва иҟазаара иазкны ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит аиҧылараҟны ишрылацәажәаз Урыстәылантәи Аҧсныҟа афымцамч аашьҭра иазкыз азҵаара. «Урыстәылантәи афымца ҳаулоит  ҳазҭоу амза нҵәаанӡа. Уи хәы змаӡам цхыраароуп Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала. Ҳәарада, иахьа иҟоуп аиҧҟьарақәа ауааҧсыра фымцамчла реиқәыршәараҿы. Аха убри ацхыраара ҳмаур, аҭагылазаашьа иҵегьы еицәахар алшон», – ҳәа азгәеиҭеит уи.

Афымцанхамҩа ацхрааразы акредит азы акәзар, Аҧсны Ахада иҳәеит уи ада ҧсыхәа шыҟам. «Урҭ аҧарақәа рыла иаахәатәуп ауааҧсыра инырхуа афымцалашара узырбо амаругақәа. Ус еиҧш иҟоу аҧхьаӡагақәа ахьықәҳаргылаз аҭыҧқәа рҟны афымцалашара ахәҧса ршәоит 80 процент инарзынаҧшуа. Аҧхьаӡагақәа ахьықәгылам 40 процентгьы иршәаӡом. Ус анакәха, арҭ аҧхьаӡагақәа афымцалашара аиҷаҳара акыр иацхраауаны иҳаҧхьаӡоит, акредитгьы убри ақәха­рџьра хықәкыс иҳамоуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада Москва иҟазаара иалагӡаны аиҧыларақәа рҟны иазааҭгылан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәлар­бжьа­ратәи аҳаиртә баҕәаза иагуиабзоу аҟаҵара апроекти Урыстәылаҿы ҳаирла аимадара аиҭарҿыцреи ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра анагӡаразы аусмҩаҧгатәқәа.

Апресс-конференциаҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа ируакын акриптоҧарақәа изакәанымкәа рырҳара иаҿагыланы ақәҧаразы Ареспубликатә штаб аусура атәы. Ахада иажәақәа рыла, ари аштаб иалшо зегьы ҟанаҵоит изакәанымкәа акриптоҧарақәа зырҳауа раанкыларазы. Аштаб аусура алҵшәақәа рыла ианеиҿкаахаз инаркны ирбеит, ирымырхит 1261 аппаратқәа.

«Апарт-сасааирҭақәеи апартаментқәеи рыргылара даараӡа алҵшәа бзиа аанашьҭуеит ҳҳәынҭқарразы», – ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы. Уи иажәақәа рыла зегьы раҧхьаӡа иргыланы ҳбиуџьет алагалақәа аиуеит, иара убасгьы имаҷҩымкәа ауааҧсыра усурҭа ҭыҧла еиқәыршәахоит. Мрагыларатәи араион аҿиара иацхраауеит, иарласуеит газла аиқәыршәара, аҳаирбаҕәаза аиҭашьақәыргылара, иара убасгьы аихамҩа аусура. Избанзар Аҧсныҟа иаауа иалагоит асасцәа, аҽҭаҩра азин змам, аха убри аан ирзыҧҵәоу аамҭа иҭагӡаны зыҧсы зшьо.

Аслан Бжьаниа атәыла Ахадас иҟазаара иалыршаны иӡбоу азҵаарақәа дырзааҭгыларц ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит зегьы реиҳа ихадоу акы акәны ишиҧхьаӡо адунеи зегьы зымҽхакны иҟаз аковид чмазара иаҿагыланы ақәҧара, иара убасгьы аҧсабаратә хҟьа-ҧҟьақәа ирыхҟьаны ааха зауз ауааҧсыра рыцхы­раара, аҳазалхратә маҵзура аусура акырӡа аиҕьтәра, ауааҧсыра нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара, хазы игоу акатегориақәа рахь иаҵанакуа аҭаацәарақәа афинанстә цхыраара рыҭара, ауалафахәқәа рышьҭыхра. Иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала хәыда-ҧсада ҳашколқәа зегьы рҵага шәҟәыла реиқәыршәара, 7746-ҩык ауааҧсыра хырхарҭалатәи афинанстә цхыраара рыҭара. Аслан Бжьаниа изы даараӡа акры зҵазкуаз акәны иҟаз Нестор Лакоба Иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара ахацыркра. Уаҟа аусурақәа хыркәшахоит сынтәатәи ашықәс азы. 

Ажурналистцәа ирҭаз азҵаарақәа ируакын ачынуа ирымоу ирыхӡу ашәҟәы аҭагаларазы азакәан аусура атәы. Ари азҵаара аҭак ҟаҵо, ажурналистцәа рҿаҧхьа иаахтны иҳәеит Аҳәынҭқарра хадас дҟалаанӡа имази иахьа ихьӡала иҭагалоу амазареи ртәы.

Аслан Бжьаниа имҩаҧигаз апресс-конференциа мҩаҧысуан ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа. Ақыҭанхамҩа, аекономика, акультура, адемографиа уҳәа ирызкны ажурналистцәа ирҭиуаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит рацәак хара имгакәа ҩаҧхьа реиқәшәара дшазыҧшу.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me