Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩасит ихәыҷра, ишколтә шықәсқәа. 1962-1966 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых факультет аҟны. Нас дҭалеит СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аспирантура. Қәҿиарала даналга ашьҭахь убри аинститут аҿы аус иуан.
В.Арӡынба аҭҵаарадырратә усумҭақәа 40 инареиҳаны дравторуп.
1988 ш. азы В.Арӡынба Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут адиректорс далырхуеит. Иара убри ашықәс азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1989 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырхуеит. В.Арӡынба аполитика ду далалеит Асовет Еидгыла аҭоурых иуадаҩӡаз аамҭақәа руак азы, иара убрахь иналаҵаны Аԥсынгьы.
1990 ш. азы В.Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхит.
Қырҭтәыла Аԥсны ианақәла 1992 шықәсазы атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Еилакы Ахантәаҩыс дҟалоит, хадара азиуеит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара.
1993 ш. сентиабр азы уи инапхгарала Аԥсны жәлар Аиааира ргеит.
1994 ш. ноиабр 26 азы В.Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахадас далхын, 1999 ш. октиабр 3 азы ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахада иҭыԥ ахь деиҭалхын.
Аԥсадгьыл иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ В.Арӡынба илшамҭақәа ахәшьара ҳаракы рнаҭеит. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара. Ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.
Март 4 – Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы абри аҽны ихыҵуан 74 шықәса.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит Аҟәа, 1949 шықәса март 4 азы. 10-тәи абжьаратәи аԥсуа школ доушьҭымҭоуп. Агроном изанааҭ ала асубтропикатә нхамҩа аинститут далгеит. Уаҟа аҵара шиҵозгьы аҩызауад аҟны усуҩыс, Аҳәынҭбанк аҟны инкассаторс аус иуан.
1972 шықәсазы Мықәтәи аефирхәшатә совнхара агрономиатә ҟәша деиҳабын, нас аррамаҵура ихигон, ашьҭахь акомҿареидгылатә усураҿы дыҟан – акомҿаридгыла Аԥснытәи аобком инструкторс аус иуан.
1982 шықәсазы апартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩыс, 1992 шықәсазы – Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс, 1995 шықәсазы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Аԥсны Арбџьар Мчқәа материал-техникала, раԥхьаӡа иргыланы – бџьарла, џьаԥҳаныла, былтәыла, хәшәыла, фатәыла реиқәыршәара инапы алакын. Аусура ду мҩаԥигон Алада Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази рҟнытә хатәгәаԥхарала аибашьцәа рыҩнуҵҟа. Дрылахәын ақырҭуа-аԥсуа еимакы ҭынчымҩала аҭышәныртәалара иазкыз аиҿцәажәрақәа.
С.Багаԥшь ихаан еиҭашьақәыргылан аибашьра ашьҭахь ақырҭцәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҿы Аԥсуа ҳәынҭқарра аиурисдикциа. Сергеи Багаԥшь аҳәынҭқарра данахагылаз, 2008 шықәса август азы Урыстәыла аганахьала исуверентәу ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны официалла иазхаҵан, нас – Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалу.
Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь, Аԥсны усуратә визитла даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министр Владимир Путин (2009 ш.), 2010 ш. август азы – Урыстәыла усҟантәи Апрезидент Дмитри Медведев.
Абри аҽны Ешыреи Џьгьардеи ақыҭақәа рҟны иҟоу Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи рнышәынҭрақәа ирҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.