Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсҭазаара ацәқәырҧақәа зыҽрызымҭо

«Сара аҧсҭазаара аибарххарақәа схәыҷаахыс срылахәуп, акыр скыдырҟьахьеит, аха уи ацәқәырҧақәа сыҽрымҭакәа иахьа уажәраанӡа сааит.

Ҳара доуҳала иҕәҕәоу жәларуп. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ҳалшеит. Сара сыжәлар бзиа избоит, рымаҵ аура сазхиоуп. Ҳара жәларык ҳауп, ҭаацәак ҳауп, збызшәа мырӡкәа иаазгаз амилаҭ хәыҷы, урҭ жәлары наӡоуп, ахаангьы иӡуам, иҧсуам».

А.Гогәуа


Абас иуаажәлари ибызшәеи дрызгәдуны дрыхцәажәоит сынтәа 91 шықәса зхыҵуа ашәҟәыҩҩы ду, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Гогәуа.

Дарбан шәҟәыҩҩызаалакгьы алитератураҿы иҷыдоу ихатәы мҩа имазароуп. Ашәҟәыҩҩы аҧхьаҩ изоуп дзыхандеиуа. Убри аҟнытә, имазароуп абаҩхатәра. Аха абаҩхатәра мчыла ашәҟәыҩҩы инапаҿы аагара илшаӡом. Абаҩхатәра аҧсабара инаҭароуп, уи иацзароуп адырра. Аҩбагьы хеиба­рҭәааны, еицхырааны дшьақәдыргылоит иҭышәынтәалоу ажәа азҟаза.

Аҧсуа ҧхьаҩы аҧсуа шәҟәыҩҩы иҟынтә иаҳарц, ибарц иҭахуп ҳара ҳабжьы, ҳбызшәа, ҳажәа, ҳдоуҳа, ҳкультура  уҳәа ирацәаны аҧсҭазаара аганқәа ирыдҳәалоу зегьы. Ҳәара аҭахым, досу ииҭаху иҩуеит, уи дагьақәиҭуп.

Абаҩхатәра иахьынӡаинаҭо иагымкәа аус азызуа, аҩымҭақәа раҧҵара зыҧсҭазаара азку зхатәы дунеи змоу шәҟәыҩҩуп Алықьса Гогәуа.

Ашәҟәыҩҩы ицәыригоит даҽаӡәы изгәамҭо, илаҧш зхьымсуа аҧсҭазаара аганқәа.

Ҳаамҭазтәи аҧсуа прозаҿы А.Гогәуа имоу аихьӡарақәа рыла, ицназго даҽа ҧсыуа рҿиаҩык дыҟам ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи инапы иҵыҵхьеит аҧхьаҩцәа рыбжьара инарҭбааны азхаҵара зауз, идеиалеи сахьаркыратә ҟазаралеи иҳараку, тематикала еиуеиҧшым хыҧхьаӡара рацәала ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. Уи иперсонажцәа аӡәи-аӡәи еиҧшымкәа еиламҩашьо аҟазшьақәа ныҟәызго хаҿсахьақәоуп. Урҭ аҧхьаҩ игәникылартә, ихдырраҿы акыраамҭа инхартә, ддырхәыцыртә, ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиақәа иларааӡартә иҵаулоу ахәыцрақәа издырҵысуеит. Жәпаҩык аҧхьаҩцәа ирҳәоит Алықьса Гогәуа ибызшәа мчуп ҳәа. Ааи, ииашоуп, аха убри амчрала ҳара ҳбызшәа даҽа гьамак аҵаҵаны иааирҧшуеит, иҵаулоуп. Уи ишьҭихуа атема, иааирҧшуа ахаҿсахьа, зда царҭа амам ала  инҭырҳәцааны аҧхьаҩ идигалоит.

Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рперсонажцәа рхаҿсахьақәа рахьтә иаагозар Елана лхаҿсахьа анааирҧшауа угәы иаанагоит абри аҧҳәыс лыҧсҭазаара зегьы шьаҿа-шьаҿала длышьҭагылазшәа. Избан акәзар, Елана аҧсҭазаара иазааигәоу, иҵабыргу хаҿсахьоуп. Ажәабжь «Аласба» аҟны акәзар, иалагалоу аперсонажцәа,  Арсана ихьаа, иара убас изымцәажәо аласба агәҭыха, ахьаа монологла иаарҧшуп.  Абраҟоуп иахьааҧшуа ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра, идырра.

Ҿырҧшыс иааҳгар имыцхәхом Алықьса Гогәуа ирҿиамҭақәа рҟынтә иажәа хьыршәыгәқәа: «Ҳбызшәа ҳахәламшәа ианҭаба уи ақәӡаарахь ҳнанагоит», «Иацы – иахьатәи гәалашәароуп, уаҵәы – иахьатәи гәыҕроуп», «Иҧшӡоуп амҩа иану даныҟоу, дыҧшӡоуп ауаҩы, амҩа данану», «Акыр улангьы Анцәа уаниша, ианаамҭоугьы уироуп», «Ҳара ианакәызаалакгьы нцәас иҳамоу Аламыс ауп. Ҳажәлар еиҳа ианыҕәҕәаз, рыламыс ҳаракны ишьҭыхны ианыргоз, азакәангьы убас иазыҟан, иара дара ахьчон, дара – иара. Ажәлар рымаҵ зуҵәҟьоит ҳәа иалагаз, ауадаҩрақәагьы дыриааиуеит, амҩа иашагьы иҧшаауеит. Уи иаразнак ажәлар рҟынӡа инаӡоит, иагьацныҟәоит, даргьы еиднакылоит».

Абарҭ ажәа хьыршәыгәқәа рыла ихыркәшоу, зыжәлар акыр ирзааҧсахьоу, аҧхьаҩцәа рыбзиабара зцу ашәҟәыҩҩ ду изеиҕьаҳшьоит агәабзиара, ижәлари иҧсадгьыли шьардаамҭа дрыгымзааит.


Хамида Аҩӡба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me