Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәаақәа еивам, аха аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, жәытәаахыс аиҭанаиааира рыбжьан, ианыцәгьарахозгьы еидгылон, абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл рыхьчон. Абас иҟалеит 1990-тәи ашықәсқәа раан ҩ-жәларык зҭадыргылаз аибашьраҿгьы. Рыжәҩахыр еидҵаны раӷа ииааит, ахақәиҭра роуит, ашьҭахь Урыстәыла, нас егьырҭ ҳәынҭқаррақәак рҟнытә – азхаҵарагьы.

Асабша, маи 27 азы Аԥсны ашәа­ҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз рҳәынҭқарратә ансамбль ақәгыларақәа қәҿиарала имҩаԥысит. «Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа» ҳәа апроект инақәыршәаны, П.Чаиковски ихьӡ зху азал аҟны аконцерт шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит акорр. Алеқсеи Шамба.

Ақәгылара иалагаанӡа акультура аминистр Даур Ақаҩба ажурналистцәа драцәажәеит.

Аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны ахааназ XIX ашәышықәсазы иҟалаз ажәлар рхырҵәара, амҳаџьырра хашҭра ақәымкәан иаанхоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҩуеит Аԥсны ахы-аҵыхәанӡа 400 нызқь­ҩык аԥсуаа нхон ҳәа.

Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит  ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.

Аҧсны Жәлар Реизараҿы

02 Рашәара 2023 08:52

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан х-зҵаарак.

Аҟәа, маи 30 аҽны

02 Рашәара 2023 08:51

Маи 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аоппозициатә мчрақәа зымҩаҧгара азҧхьагәаҭан ирымаз амитинг. Уи иалагаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иазгәеиҭеит аоппозициатә мчрақәа имҩаҧыргараны иҟоу амитинг аҟны Аҧсны Азакәан инақәыршәаны ахымҩаҧгара шаҭаху. Азинхь­чаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рышҟа дҵаны иқәиргылеит аилагарақәа ҟамларц азы ирылшо зегьы рыҟаҵара, ишакәым аӡәы ихы мҩаҧигозаргьы, азакәан ишаҳәо ала изныҟәара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me