Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ихыркәшоуп Аахыҵ - Уаԥстәыла акультура Амшқәа

 

Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәаақәа еивам, аха аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, жәытәаахыс аиҭанаиааира рыбжьан, ианыцәгьарахозгьы еидгылон, абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл рыхьчон. Абас иҟалеит 1990-тәи ашықәсқәа раан ҩ-жәларык зҭадыргылаз аибашьраҿгьы. Рыжәҩахыр еидҵаны раӷа ииааит, ахақәиҭра роуит, ашьҭахь Урыстәыла, нас егьырҭ ҳәынҭқаррақәак рҟнытә – азхаҵарагьы.

Еснагь еибашьрам, аҭынчра шьақәгылеит. Шьҭа ҳажәларқәа еибабоит, еиԥылоит аибахьчаразы акәымкәа, рҟазара, ркультура рӡыргаразы, аибашьра еиԥнаҟьаз аҟазара мҩахәасҭақәа рырҭбааразы.

Ҩымш Аԥсны имҩаԥысит Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Амшқәа. Аешьаратә республика аделегациа, Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева напхгара зылҭоз, Ԥсоу аҳәааҿы дырԥылеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба. Акультура Амшқәа злашьақәгылаз – ҩ-коллективк рыла акәын: К.Хеҭагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарратә драматә театри, Б.Галаев ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи Рҳәынҭансамбльи.

Маҷк атеатр аҭоурых. Аахыҵ-Уаԥстәыла аҳәынҭдраматә театр еиҿкаан 1931 ш. азы Цхинвал, ауаԥс драматә гәыԥ ашьаҭала. Атеатр раԥхьатәи ақәыргыламҭа акәны иҟалеит арежиссиор В.Хеҭагуров испектакль «Арыхьҭышьра». 1939 шықәсазы атетр ихьӡ ахҵан еицырдыруа ауаԥс поет, адраматург Косҭа Хеҭагуров.

Аусура раԥхьатәи ашықәсқәа раан, атеатр иадԥхьалан акомпозитор Борис Галаҭы, асахьа­ҭыхҩцәа Маҳарбеқ Ҭуганов, Ҭаурбек Гаглоев реиԥш иҟаз еицырдыруа ауаа. Аахыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр азы даара иуадаҩыз аамҭақәан 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи, убасҟан Қырҭтәыла агрессиа иахҟьаны Цхинвал амацәаз иҭакын. 2005 ш. азы атеатр ахыбра лықәыццышәаа ицеит, ақтиорцәа акыршықәса азанааҭеидгылақәа Рхеилак ԥасатәи ахыбраҿы иқәымгылалар ԥсыхәа рымамызт.

2014 ш. азы Аахыҵ-Уаԥстәыла асоциал-економикатә рҿиаразы Аинвестпрограмма инақәыршәаны, атеатр ахыбра ҿыц аргылара иалагеит. 2018 ш. азы уи ахархәарахь ирыҭан, атеатр ҿыц аҟны идырбан Косҭа Хеҭагуров иҩымҭала иқәыргылаз аспектакль «Фатима».

Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Амшқәа аартын маи 31 азы С.Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқар­ратә аԥсуа драматә театр аҟны. Ажәаԥхақәа рҳәеит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи ркультура аминистрцәа Даур Ақаҩбеи Радмила Ӡагоеваи. Аԥсуа хәаԥшцәа, аҟазара бзиабаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ауаԥс драматург Георги Хугаев иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль «Ауапа еиқәаҵәа». Уи иаанарԥшуеит ԥсыцқьала аҟазаареи, ачарҳәареи, абзиабареи, ауалԥшьа анагӡареи рҭоурых. Артистцәа убас рҟазара ҳаракы аадырԥшит, урҭ ауаа рхаҿра цәырыргон еиуеиԥшым аԥстәқәа рсахьақәа, рхымҩаԥгашьақәа рыла.

Ииун 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Амшқәа ирылахәу аделегациа напхгара рызҭоз Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева.

Аҳәынҭқарра Ахада Радмила Ӡагоева бзиала баабеит ҳәа аԥсшәа леиҳәеит: «Сара сыхшыҩ азышьҭны срыхәаԥшуеит акультура Амшқәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа. Урҭ зегьы ҳаиашьаратә жәларқәа иҵегьы реизааигәахаразы, наҟ-ааҟ реилибакааразы мҩа бзиоуп. Акультура, жәаҳәарада, аҭыԥ ду ааннакылоит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаараҿы. Ҳара зегь рыла ҳрыдгылоит ҳтәылақәа рыбжьара акультуратә еимадарақәа», – иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иациҵеит, аҳәара шаҭахым Аԥсны даара бзиа ишырбо Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар, ҳаԥхьаҟагьы аешьаратә еизыҟазаашьақәа шеихарҳауа.

Радмила Ӡагоева Аԥсны Ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит иԥхаӡа адкыларазы, анаҩс иазгәалҭеит: «Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳажәларқәа ирзеиԥшу рацәоуп, лахьынҵалагьы еишьашәалоуп. Сара аинтерес зҵоу даҽакы збоит: Аԥсны амчраҿы иҟазаалакгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла азыҟазаашьа аԥхьа игылоуп, уи ԥсахра зқәым аиҩызара ауп».

Ӡагоева гәахәарала иазгәалҭеит Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни рминистррақәа ргәы ишҭоу акультура аганахьала аусеицура арҿиара, арҭбаара.

«Иҭабуп иҟашәҵо адгыларазы, избанзар акультура аԥхьа иандыргыло, анапхгаҩы «ацәашьы иаҵәа» анаиркуа, усҟан ашьхақәа ааурҳәыргьы ауеит», – лҳәеит лара лажәа хыркәшо.

Ииун 1 азы Спутник Аԥсны апресс-центр аҟны имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи ркультура аминистрцәа Даур Ақаҩбеи Радмила Ӡагоеваи рпресс-конференциа, Амшқәа рымҩаԥгара иазкыз. «Даара сеигәырӷьоит Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Радмила Филипп-иԥҳа леиԥш иҟоу лнапы иахьану. Лус лдыруеит, еиуеиԥшым аидеиақәа аԥсҭазаараҿы рынагӡаразы лхы деигӡом», – иҳәеит Даур Ақаҩба.

Аԥсны иддырбарц азы абри аспектакль залышәхызеи ҳәа илыҭаз азҵаара аҭакс, Радмила Ӡагоева иазгәалҭеит атеатр арепертуар ишалоу аурыстәи аҳәаанырцәтәи аклассикатә литература аԥҵамҭақәа ирылху аспектакльқәа, аха ихадароу – амилаҭтә драматургиа шаку.

«Аспектакль «Ауапа еиқәаҵәа» ҳрепертуар аҟны иаарылыҳәҳәақәо иреиуоуп. Ҩынтәуп иқәҳаргылоижьҭеи. Уи залаҳхыз машәыршәа акәӡам, анҭыҵҟа иаҳгарц ҳҭахын ҳара иаҳтәу, ҳмилаҭтә хаҿра аазырԥшуа», – лҳәеит лара.

Аԥшьашаҽны, ииун 1 азы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Б.Галаев ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи Рҳәынҭансамбль «Симд» ақәгы­ларала ихыркәшахеит Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Амшқәа. Ҩаԥхьа ахәаԥшцәа дыршанхеит ауаԥс жәлар ржәытә ашәақәа, ржәытә кәашарақәа.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба даԥхьеит Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы шлыхҵоу азы Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа. Убас, «Аԥсны аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵоуп: аестрадатә шәаҳәаҩы Марҭа Харебова, акәашаҩ Инал Биченов, ансамбль «Симд» аоркестр анапхгаҩы Ельбрус Ходов, актриса Альбина Хугаева, актиор Сослан Хасиев, ҳџьынџьуаҩ, акәашаҩ Арифа Сангәлиа.

Абасала, ихыркәшоуп Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Амшқәа, аха аибабареи аиҭанаиааиреи рымшқәаҵәҟьа нҵәара рықәӡам.


Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me