Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган

Аҵара шықәс ҿыц аламҭалаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Л.Б. Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи абжьаратә школ, аҵарашықәс ишазхиоу гәаиҭарц азы.

Аҭаратәи ашкол аҟны акапиталтә ремонт ҟарымҵеижьҭеи акыр шықәса ҵуан. Ашкол аҭагылазаашьа даара иуадаҩын, еиҳараӡакгьы афымца, мҩангагатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны ари ақыҭа аҟынтәи Жәлар Реизара адепутатс иалху Резо Занҭариа, аерманцәа рхеидкыла аиҳабы Алик Минасиан, ақыҭа уааҧсыра уҳәа нап адыркит ашкол аиҭашьақәыргылара.

Аҧсны Ахада ашкол аклассқәа, рырҵаҩцәа руада, аспортзал уҳәа дыҩнысны игәеиҭеит. «Ари даараӡа ихҭыс дууп, иаҳбоит Аҧсны ишыҟоу имаҷҩымкәа агәыразра аазырҧшуа ауаа. Ашкол аҟны имҩаҧгоуп зхаҭабзиара ҳараку аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. «Ахәыҷқәа ари аҩыза ашкол аҟны аҵара гәахәарыла ирыдыркылап ҳәа сгәы иаанагоит. Ашкол аклассқәа рҟны иуҧылоит атематикатә информациа зныҧшуа аҭӡқәа. Ари даараӡа ицхыраагӡахоит ахәыҷқәа рҵараҿы», – иҳәеит атәыла Ахада.

Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ашкол аиҭашьақәыргылара зыбзоуроу Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа, аерманцәа рхеидкыла аиҳабы Алик Миносиан, иара убасгьы ашкол аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы.  Ашкол адиректор Светлана Быҭәба лнапаҟны илиҭеит асертификат, ашкол азы акомпиутертә техника аахәаразы.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа ашкол аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа раҳәо ашкол ҳамҭас иеиҭеит акомпиутер, апринтер, ашәҟәқәа.

Аҭаратәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргылара зыбзоуроу Резо Занҭариа иазгәеиҭеит ахәыҷқәа рзы ишаҧҵатәу аҭагылазаашьа, аҵара агәаҳәара роурц азы. «Ауаҩы аҧсҭазаара аҵакы еиликаауеит ижәлар рымаҵ аниуа. Ахәыҷқәа аҵара ахьырҵоз ашкол аҭагылазаашьа анызба, аганахь сзымгылеит. Абри аус аҟны исывагылеит ақыҭа ауааҧсырагьы. Ҳазегьы ҳажәҩахыр еибыҭаны иҳалҳаршеит ашкол аиҭашьақәыргылара», – иҳәеит адепутат.

Аҭаратәи абжьаратә школ адиректор Светлана Быҭәба аколлектив зегьы рыхьӡала ҭабуп ҳәа ралҳәеит ашкол аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара рызҭаз зегьы.

Ашкол акәзар, иҟаҵоуп иахьатәи ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо. Акласстә уадацыҧхьаӡа аҭӡқәа ирнуп амаҭәар иақәшәо аинформациа. Иара убасгьы аҩбатәи аихагылахь узлахало амардуан аҟны иануп атаблица. Ас еиҧш асахьақәа ахәыҷқәа рыблаҿы ианыҟоу, хымҧада урҭ рыхшыҩаҿ иаанымхарц залшом.


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы даҭааит Очамчыра араион Аракьаҽытәи абжьаратә школ.

Иаҳхысыз ашықәс, март мзазы Аракьаҽытәи ашкол аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны шьаҭанкыла инықәццышәаа ицеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашкол аиҭашьақәыргылара залыршахап ҳәа агәаанагара ыҟамызт. Аха аерманцәа рхеидкыла ахантәаҩы Алик Минасиани, Очамчыра араион ахадареи, адепутат Резо Занҭариеи рыбзоурала иалыршахеит сынтәатәи ашықәс азы ахәыҷқәа аҭыҧантәи ашкол ахь ицартә еиҧш аҟаҵара.

Аракьаҽытәи ашкол аартразы ацаха ҟаҧшь ҧырҟеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аерманцәа рхеилак ахантәаҩы Алик Минасиан. Атәыла Ахада ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи дрыдныҳәало ирзеиҕьишьеит ақәҿиарақәа, аҵарашықәс ҿыц аҟны. Ашкол аартра иалахәыз Аҧсны аҵара министр Инал Габлиа еизаз дрыдныҳәало иазгәеиҭеит ахыбра шҳамҭа бзиоу аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз. Адепутат Резо Занҭариа сынтәа раҧхьаӡа акәны ашкол ашҟа зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ҳамҭас ашәырақәа риҭеит.

Аракьаҽытәи абжьаратә школ аҟны акапиталтә ремонт ҟаҵоуп иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me