Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахада Иусԥҟақәа рыла

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Абесалом Кәарҷиа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵаразы.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵазааит Кәарҷиа Абесалом Алықьса-иԥа», – иазгәаҭоуп 2023 ш. сентиабр 4 азы аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз Аусԥҟаҿы.

Иара убри аҽны аҳәынҭқарра Ахада Абесалом Кәарҷиа дыдирдырит Ахада Иусбарҭа аколлектив.


Даҽа усурак ахь дахьиасыз аҟнытә

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы имаҵура аҟнытә Џьансыхә Нанба ихы иақәиҭтәразы.

«Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа ихы дақәиҭтәызааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы имаҵура аҟнытә, даҽа усурак ахь дахьиасыз инамаданы», – иазгәаҭоуп уаҟа.

Аусԥҟа анапы аҵаҩуп 2023 шы­қәса сентиабр 4 азы.


Ихы дақәиҭтәуп

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа анапы аҵаҩуп 2023 шықәса сентиабр 1 азы.

Сергеи Пустовалов Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан 2020 шықәса ииуль 22 инаркны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me