Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы

Иааит ахәыҷқәа зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыҧшыз аҵарашықәс ҿыц. Урҭ аҧсшьара мзқәа ирылагӡаны игәхьааргеит рырҵаҩцәеи рҩызцәеи.

Иҟоуп раҧхьаӡакәны ашкол ахь зшьаҿа еихызгаз. Урҭ рхыҧхьаӡара 2600-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа ҳазну ашықәс азы Аҧсны иаатит азеиҧшҵарадырратә усҳәарҭақәа 153. Урҭ рахьынтә аинтернатқәа 4, аҧсуа школқәа–58, аурыс–55, аурыс–аҧсуа–16, аерман–24. Хыҧхьаӡарала иугозар, ақалақьтә школқәа 40 ыҟоуп, ақыҭатәқәа–113.

Идыру усуп, ашколҭаларатәи аамҭазы ҩнаҭацыҧхьаӡа аҭаацәара, зхәыҷқәа ашкол ахь ицо, апроблема шрызцәырҵуа шәҵатәылеи, шьаҵатәылеи, мамзаргьы ашәыра иҭауҵо ашәҟәқәеи атетрадқәеи раахәаразы. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиҧшым ашколқәа рҟны рхатәы школтә форма рымоуп. Иара убас, Аҧсны аҵарадырра Аминистрреи Урыстәыла аҵарадырра аминистрреи ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭрала. Иҳаҩсыз ашықәс азы иаашьҭын арҵагатә шәҟәқәа, ироураны иҟоуп ажәбатәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа арҵага шәҟәқәа.

Цәыббра аказы Аҧсны араионқәа ршколқәа зегьы рҟны еиҧш, раҧхьатәи аҵәҵәабжьы геит Б.  Шьынқәба ихьӡ зху актәи абжьаратә школ аҟнгьы. Уаҟа ацәаҳәа иқәгылан раҧхьаӡакәны зшьаҿа еихызгаз актәи акласси, уи иашьҭанеиуа аклассқәеи. Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы гаанӡа, ашкол адиректор Нонна Борис-иҧҳа Делба бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аҵаҩцәеи аҭаацәеи ирзеиҕьалшьеит ахәыҷқәа қәҿиарала рҵарашықәс хацдыркырц, рыҧсадгьыл абзиабара рыманы, рбызшәа бзиа ирбаларц.

Анаҩс, аиҳабыратә классқәа рҟны иреиҕьны аҵара зҵо аҵаҩцәа ишьҭырхит Аҧсуа бираҟ. Ашкол аҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыҧхьеит, инарыгӡеит аҧсуа кәашарақәа. Иара убас иалкаан рыӡбахә рҳәеит еиуеиҧшым амаҭәарқәа рзы аолимпиадақәа рҿы ибзиаӡаны зхы аазырҧшыз аҵаҩцәа, аспорттә еицлабрақәа рҟны иалкаахаз уҳәа убас аӡәырҩы.

Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы ахәыҷқәа ирыдылныҳәалеит Аҧсны аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиаҧҳа. Ахәыҷқәа ирзеиҕьалшьеит ақәҿи­а­ра дуқәа рҵараҿы. Уи излаҳалҳәаз ала 30 нызқь инарзынаҧшуа Аҧсныҟа иааргараны иҟоуп арҵага шәҟәқәа. «Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу ацәажәарқәа, ашәҟәқәа апрограмма иақәшәом ҳәа, баша цәажәароуп», – лҳәеит уи. Агәра ҳлыргеит иаараны иҟоу арҵага шәҟәқәа ашкол аҵаҩцәа рхы ишадырхәало, уи аҵаратә процесс иақәшәартә ишеиҿкаау.

Иара убас, иҳалҳәеит Аҧсны аҧсуа школқәа рҿы ишаартхо азыҟаҵаратә классқәа, ашкол иҭамлац ахәыҷқәа рзы. Уи апрограмма иахьӡуп «Аҟәыбҷа». Еиднакылоит сахьала иҩычоу, ҧшшәы рацәала еиҿкаау анбанқәа, анбан иаццо аусугатә тетрадқәа, хаз шәҟәны иҟоу алакәқәа уҳәа убас ирацәаны.


С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me