Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ашарҧы – Еҵәа»

Амилаҭтә доуҳа иауасхыру, жәлар рпоет «амалқәа зегьы ирмалу» ҳәа ззиҳәаз ажәа, узыхшаз уан лгәыҧҳәыхш иадкыланы ушьа-уда иалалаз убызшәа гәакьа ала, ҳабзазара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыҟны ужәлар рымаҵ аура, шьарда акыр зҵазкуа усуп ҵабыргыхаҭаны.

Ааи, ажәа хадара ахьауа арҿиара аус – асахьаркыратә литература, ажурналистика уҳәа рҟны иҟалалоит аамҭа-аамҭала аихьӡарақәеи ахьысҳарақәеи. Ус ишоуп адунеи, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит есымшааирагьы, ажәа амаҵ аураҿгьы ицәырҵуеит ахьӡ ҿыцқәа. Ҳаҧсадгьыл ианакәызаалак абаҩхатәрақәа ирызрыцҳаӡам. Алитератураҿы еиҧш аҧсуа журналистикаҿгьы агәыҕра лаша здуҳәалаша абиҧара рышьақәгылара амҩа иануп маҷ-маҷла акәзаргьы. Ишәыдаагало «Ашарҧы – Еҵәа» адаҟьақәа злеиқәыршәоугьы, ҧсынҵыра дула ззанааҭтә еизҳара амҩа гәацҧыҳәарыла иану, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша II-III акурсқәа рҟны аҵара зҵо, сынтәа аҧхын амзақәа ирҭагӡаны ҳредакциаҟны апрактика иахысуаз аҿар рыс­татиақәа рыла ауп.

Анаҩс, хара имгакәа, аҭоурых ду змоу агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы аусура хацыркхоит арҿиаратә ҟыбаҩ злоу аҿар аус рыдулара зхықәкы хадахо – арҿиаратә ҟазарҭа – аҧсуа милаҭтә доуҳа арҿиараҿы символра зуа, зҵаки зҭоурыхи акырӡа рыҵаркуа «Ашарҧы – Еҵәа» ҳәа, хьӡыс иаманы.

Ишдыру еиҧш, ари ахьӡ иаҳхысыз ашәышықәса аҧхьатәи ажәашықәсақәа раан, Д. Гәлиа инапхгарала аиҵагылара иаҿыз амилаҭтә доуҳа арҿиаҩцәа рабиҧара раҧхьатәи рҽазышәарақәа ахьанырҵоз арҵа­ҩратә семинариаҿы зҭыжьра хацыркыз анапылаҩыратә ажурнал иахьӡын. Уи адоуҳамч мышьҭабзиала ирыцны Анцәа иҟаиҵааит, арҿиарахьы зшьаҿа еихызго аҿар. Мҩамш!

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me