Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада мышктәи иныҟәара

Мышқәак раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Егрытәи афымцастанциа хадеи, актәи агидрофымцастанциа маҷи. Уи иблала ибеит уаҟа аусура шымҩаҧысуа.

 Актәи агидрофымцастанциа маҷ аҟны аусурақәа шцо атәы изеиҭарҳәеит. Аҳәынҭқарра Ахада актәи агидрофымцастанциа азалқәа дрыҩнысны игәеиҭеит. Егрытәи афымцастанциа адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Леван Мебониа изгәеиҭеит, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, аӡеизакырҭаҿы аҭагылазаашьа маҷк ишеиҕьу, аха уи апроблема аӡбара шалымшо.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада имҩа хан Егрытәи агидрофымцастанциа хада ашҟа. Уи даҭааит адгьыл аҵаҟа иҟоу Егрытәи афымцастанциа амашьынатә зал.  Аҳәынҭқарра Ахада аҭыҧан аҭагылазаашьа шыҟоу иблала ибеит. Леван Мебониа атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы афымцастанциа аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Иара убасгьы агидрофымцастанциа хадеи, актәи агидрофымцастанциа маҷи рҟны имҩаҧгаз аиҭашьақәыргыларақәа ртәы дазааҭгылеит.

Абарҭқәа рышьҭахь, Аслан Бжьаниа Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани, Ареспубликатә Аунитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгареи, Егрытәи агидрофымцастанциа анапхгареи, Гал араион ахада Константин Ҧилиеи, Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариеи алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Анаҩсан, Аҳәынҭқарра Ахада ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак ҟаҵо, дазааҭгылеит аилацәажәараҿы хшыҩзышьҭра зырҭаз азҵаарақәа. «Астанциа аҭагылазаашьа бзиоуп, амаҵ азызуа аус руеит ишақәнагоу, аха ишыжәдыруа еиҧш, афымца иадҳәалоу апроблемақәа рацәоуп. Зегьы раҧхьаӡа игылоуп аӡы азымхара. Сынтәа уи аганахьала аҭагылазаашьа маҷк еиҕьуп, ҵыҧх аасҭа. Аха уи апроблема аӡбара залшом. Ҩаҧхьа аӡы азымхара азҵаара цәырҵуеит ҭагалан анҵәамҭаз», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит заанаҵ азҵаарақәа рыӡбара шакәу хықәкыс иамоу реиқәшәара. «Апрактика излаҳнарбо ала, азҵаара ӡбатәуп шьаҭанкыла.  Ари азҵаара иалацәажәо рацәаҩуп, аполитикахь изырхогьы ыҟоуп. Аха аполитика ҳааҟәыҵны, аекономика ҳахәаҧшны, апроблема аӡбара амҩақәа азыҧшаатәуп», – иҳәеит атәыла Ахада.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аицәажәарақәа мҩаҧыргоит Урыстәылантәи афымцамч аашьҭразы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me