Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рахь

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа атәыла аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи зегьы адыррақәа Рымш рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу Аԥсны ашколхәыҷқәа, астудентцәа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит илашоу, игәырӷьахәу абри аныҳәа – адыррақәа Рымш!

Шәара изызҳауа абиԥара ҿа – ҳтәыла аԥеиԥш, ҳмилаҭ рхаҿра шәоуп. Шәара шаҟа аҵарадырра шәыманы, шәуааԥсыцқьақәаны шәышьақәгылара иахьԥшхоит Аԥсны аизҳазыӷьара, ашәҭыкакаҷра.

Агәра згоит, шәара шәҽазышәарақәа, шәҽадцалара аҳаракырақәа рахь шәышкылыргауа, атәыла зегьы агәадура амазарц шалшо шәеихьӡарақәа рыла. Ишәгәаласыршәарц сҭа­хуп, ҳажәлар имаҷымкәа аԥышәарақәа шырхыргаз зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы иузырҟәымҭхауа рзин хьчауа. Аԥсны иреиӷьу аҵеицәа аҭынчреи асуверенитети рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит. Агәра ганы сыҟоуп шәара, урҭ рфырхаҵара шәхамышҭыкәа, шәымч-шәылшара шадышәҵо адырра бзиақәа риура, ираҭәоу анхара-анҵыразы, аҵаразы, гәрахаҵарала ԥхьаҟа иԥшларц азы шәара шәзин иазықәԥоз аиҳабацәа рус ишацышәҵауа.

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсыкалаҵәҟьа ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Аԥсны аҿар рҵарадырра шәхы-шәыԥсы зегьы ахьазышәкуа. Хьыӡҳәала шәара шәҟәыӷарала, шәԥышәала ҳхәыҷқәа агәацԥыҳәара рышәҭоит, ишәааӡоит, аҵара дшәырҵоит.

Абри аныҳәа аҽны ашколхәыҷқәа, астудентцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҵарашықәс ҿыц ирзаанагарц адыррақәа рымацара ракәымкәа, аиҩызарагьы, ахатәымчқәа рыгәрагарагьы. Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалак ихаҿы иааигааит уи имчилшара шаҟа идуу, еснагь шәҽазышәшәала ады­р­рақәа рырҳара. Шәха агәра шәгала, аҵара шәҵала, адыррақәа рҳәаа ҿыцқәа шәҽырзышәшәала. Шәара ишәыцуп Аԥсны – аԥеиԥш змоу атәыла!

Арҵаҩцәа зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, арҿиаратә гәамч, имариам, аха ақьиара зцу шәџьабааҿы амчқәа, ачҳара.

Еиҭах ишәыдысныҳәалоит адыррақәа Рымш!».


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аҭаацәа, арҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц ахацыркра.

«Сентиабр раԥхьатәи амш еснагь иацуп аибадырра ҿыцқәа, ашәҭқәа, аччаԥшьқәа, абри аҟнытә ихадоу адныҳәаларақәа ҳархоит ашколхәыҷқәа, астудентцәа, урҭ рҭаацәарақәа, ашколқәа рырҵаҩцәа, ҳтәыла аҵараиурҭақәа зегьы рырҵаҩцәа рахь.

Абри амш аҽны иаатуеит дарбанзаалак изы ҳәаа змам алшарақәа, аклассқәа, аудиториақәа ирыҩналоит адырра ҿыцқәа риуразы.

Ашкол ауаҩы иԥсҭазаараҿы даара акырӡа зҵазкуа амҩақәа ируакуп. Ҷыдала иԥхаӡа ҳрыдныҳәалоит актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз. Дарбанзаалак илшарамчқәа ааиртааит, аҵара иҽадцаланы иҵалааит, ҳаԥхьаҟа дызнылаша амҩа алихыртәеиԥш.

Ҳтәыла агәадура амоуп Аԥсны атәылауаа рабиԥара ҿа аҵара дырҵареи рааӡареи рус зџьабаа адызҵаз, иахьагьы иадызҵауа рыла», – иазгәаҭоуп Жәлар Реизара Аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Ашәба арҵаҩцәа зегьы ирзеиӷьишьеит аҵаҩцәа рықәҿиарақәа, реихьӡарақәа, рыҭҵаарадырратә, рырҿиаратә иааирақәа ирылагәырӷьаларц, иара убас агәабзиара, аманшәалара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me