Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4 рҟынӡа имҩаԥысуан XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуан.
Гәында Кәыҵниа-ҧҳа еиҳабыс дызмоу аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа еснагь аҧсуа бызшәа аҿиареи, аӡыргареи, уи рыларҵәареи хықәкыс ирыман, хаҭала, русура аҕьыракгьы ахәыҷқәа абызшәа радҧхьалара иазкын.
Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ахәыҷтәы ахореографиатә акәашаратә студиа «Иааирума» Санкт-Петербург имҩаҧысуаз XX-тәи Жәларбжьаратәи Аконкурс-Фестиваль «Ҳәаада» аҟны Гран-при иаиааит.
Жьҭаарамза алагамҭазы Туган Мальсагов ихьӡ зху Ингәыштәи Атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны иаартын Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы ELENA KIRMIZI NAR жәафтәи хаҭалатәи лцәыргақәҵа «Кавказ Афырхацәа».
Ноиабр 1 азы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын Аҧсни Урыстәылеи рсахьаҭыхҩцәа Реидгыла алахәыла, асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аботаникатә Институт аконференц зал аҿы Анаука Амш азгәаҭара иазкны Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Азеиԥш еизара мҩаԥысит. Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент иалхра.