Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ахада Рамин Габлаиа атәыла Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы аусҳәарҭа инарыгӡаз аусуразы адырра ииҭеит.
Ԥхынгәымза 14. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭеит. Аобиект аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ииуль жәаха рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит. Рацәакгьы ҵуам Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеижьҭеи.
Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны. Амилаҭтә символқәа рыдкылара даара аҵак ду аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.
Ауаҩы есааира иҿыцу аҭҵаарақәа мҩаҧигоит, иҟаиҵо аартрақәа рҳәаақәа ирҭбаауеит. Шьаҿацыҧхьаӡа аихшьалақәа ҟаиҵоит, уи азы ахархәара ду аиҭоит аматематика.
Ииуль хәба рзы 80 шықәса ихыҵит еицырдыруа асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба.
Абас ахьӡын ҳақалақь Аҟәа амшныҳәаз Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә залаҿ еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи алыршан Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраарала.
Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи разгәаҭара аламҭалазы, Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан иқәдыргылараны иҟоуп аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа.
Имҩаҧысит ауаажәларратә палата 6-тәи ааҧхьара аилазаара ҿыци, Аҧсны Ахада Аслан Бжьниеи реиҧылара.
Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ – Игор Зубови русуратә еиԥылара.
Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аканференцзал зал ду аҿы имҩаҧысит Москва Аиҳабыреи, ақалақь Аҟәа Ахадареи русеицуразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа амш иадҳәалоуп.
Ииуль 5 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект.