Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьҩы

Абҵарамза 8, 2023 шықәсазы Ҟрым, Ленин ихьӡ зху араион аҿы имҩаҧысит алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә, уи 1941-1945 шықәсқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз афырхаҵа, Аҧсны аҵеи Ризабеи Хьыбба иҧсыбаҩ иҧсадгьыл ахь адәықәҵара иазкын.

Аволонтиорцәа афырхаҵа данҭахаз ицыз ихатәы маҭәақәа иҧсыбаҩ ацны иҧсадгьыл ахь аашьҭра алдыршеит. Асолдаҭ иҧсыбаҩ аазгоз Новороссиск ақалақь аҟны  ирҧылеит Аҧсны аделегациа.

Уажәраанӡа ари асолдаҭ хабарда ибжьаӡыз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан.

Адырҩаҽны, абҵарамза 9 рзы Аҟәа аҧшаҳәаҿы «Идырым асолдаҭ» ибаҟа аҿаҧхьа  имҩаҧысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз Аҧсны аҵеицәа рыҧсыбаҩқәеи, рхатәы маҭәақәеи зҭаз аҭоубыҭ кьаҿқәа, рҭынхацәа рыҭара иазкыз алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә. Уи иалахәын: Аҟәатәи иреиҳау арратә ҵараиурҭа акурсантцәа. Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр, Аҳҭны-қалақь ахадара, агәыҳалалратә фонд  «Россия-Абхазия», иара убасгьы афырхацәа рыуацәа, рҭынхацәа, ашкол арҵаҩцәа, аҵаҩцәа.

 «Аҟәа араион Аҩада Ешыра ииз арҟаҧшьуаҩы Ризабеи Хьыбба Ҟрымтәи афронт далахәын, Керч ахьчаразы илшоз зегь ҟаиҵон. Деибашьуан иара 138-тәи ахысратә дивизиаҿы. 1942 шықәсазы уи дызлаз адивизиа Керчтәи адгьылбжаха аҟны хацәнамырха аҕа иҿагылан. Анемец офицар ирапорт аҿы иаҳәоит иара убри Батальниа  ақыҭа мышкы хәлаанӡа агара шрылымшаз, аха артиллериа хьанҭа ахархәарала ахәылбыҽха рнапаҿы аагара шрылдыршаз. Ари аҭыҧ аҿоуп дахьеибашьуаз Ризабеи» - еиҭеиҳәоит апроект «Ахьӡ архынҳәра» анапхгаҩы Григори Скворцов.

Иара убасгьы, иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡыз ҳәа ирыҧхьаӡоз х-ҩык аҧсуа еибашьцәа:Тарас Ҵәыџьба, Нури Џьапуа, Михаил Леиба рҭынхацәа ирыҭан арҭ аибашьцәа шҭахаз атәы зҳәо адокументқәа.

Афырхацәа рҭаацәара рҟынтәи аӡәык-ҩыџьак ажәа рҳәеит. Ҭабуп ҳәа рарҳәеит афырхацәа рымаҭәақәа ҧшааны рыҧсадгьыл ахь иахьдырхынҳәыз.

Ацеремониа хырқәшан абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. 


Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me