Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Русеицура аиҭакрақәа аларгалоит

Шәача ақалақь аҟны Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи  атәылаҿацә  Аусбарҭа Хадеи рнапхгараҭара,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла аҳәаа иаԥну аусеицуразы реилацәажәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрессмаҵзура.

Аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиеи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахатәы шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы   Леон Гусеинови зеилазаараҿы иҟоу Аԥсны аделегациа дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә Аусбарҭа хада  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Виктор Бабенко. Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә Аусбарҭа хада  анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Николаи Платонихин «ҳҿапхьа иқәгылоу адҵақәа – ҳусеицура аҳәаақәҵареи, аиқәырхаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳԥышәеимдареи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәаареи рзы еицаҳзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи роуп» ҳәа азгәеиҭеит. 

Ахәҭакахьала Лев Кәыҵниа, аҩ-тәылак русбарҭақәа русеицура аамҭақәа ишԥыршәахьоу, уи аҿиара атәылақәа рҭахрақәа ишрықәшәо азгәеиҭеит. Аганқәа иазгәарҭеит еицырзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу. Аусуратә гәыԥ аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит, уи ҩымчыбжь иалагӡаны аусеицуразы аплан еиқәнаршәоит.

Аилатәара анхырәшаха ашьҭахь, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа акризистә ҭагылазаашьақәа рнапхгараҭара Ацентр Шәачатәи аҿга аусушьа гәеиҭеит, иара убас амцарцәаратә гәыԥқәеи аиқәырхаратә техникеи ахьыҟоу аҭыԥқәа дырҭааит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me