Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа бызшәа дырҵаразы

2003 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа Альбина Едик-иҧҳа Ҕәынџьиеи Фатима Гиви-ҧҳа Адлеибеи рхатәгәаҧхарала Галҟа ицеит. Уаҟа усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы рхы мшаҭо рҵаҩцәас аусура иалагеит.

Альбина санлыҿцәажәоз исзеиҭалҳәеит, хәышықәса Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны лҵара хыркәшаны, аҳәынҭқарратә ҧышәара ҭины ианыхдыркәшоз, Аҧсны раионцыҧхьаӡа аҵара аҟәшақәа рхаҭарнакцәа неины иҟан, досу иарбан школу дахьақәшәоз, аусура дахьалагоз иазхәыцуан. Гал араион аҵара аҟәша еиҳабыс иҟаз Аза Михаил-иҧҳа Агәмаа убраҟа дыҟан. Аӡәырҩы иалырхуан аусуразы Аҟәа, Гагра ақалақьқәа,  ԥыҭҩык – ақыҭақәа. Анаҩс, иахьагьы илгәалашәоит ишлазҵааз: «Сара сахь аӡәгьы шәымцаӡои» -ҳәа. Убасҟан ахәыцхагьы рмоукәа, аиҳәшьцәа реиҧш бзиа еибабоз аиҩызцәа, хәышықәса џьарак аҵара еицызҵоз еицҿакны ирыӡбеит Галҟа ицарц,аҧсуа бызшәа дырҵаразы.

Усҟантәи аамҭеи иахьатәи аамҭеи узеиҿырҧшуам. Усҟан даара иуадаҩын Галҟа ацара-аара, атранспорт ныҟәомызт. Ирацәан арҳәрақәа. Ақалақь аҩныҵҟа еиҧш, уи анҭыҵ амҩангьы. Убригьы иацәымшәакәа, Гал ақалақь ахаангьы изымбацыз раҧхьаӡакәны аусуразы амҩа ианықәлаз, даара ауадаҩрақәа рҧылеит. Аха Альбина лажәақәа рыла, ҧсыуа ламысла-патула иааӡаз аҧсуа ҷкәын, иахьагьы ихьӡгьы ижәлагьы лгәалашәоит, ар рымаҭәа зшәыз Тото Қәаранӡиа иаанмыжькәа, Гал ақалақь агәаны  иҟоу актәи ашкол азааигәара иааныжьны дышцаз.

Насгьы, ашкол аҿы даара гәахәарыла ишрыдыркылаз. Дара раҧхьагьы инеихьаз арҵаҩцәа рыхьӡқәа лҳәеит: Џьамила Ақсент-иҧҳа Чарқазиа, Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, Ахра Виачеслав-иҧа Кәакәасқьыр (уажәы аҩбатәи абжьаратә школ адиректорс дыҟоуп). Аҧхьаӡа актәи абжьаратә школ аҟны аус луан, аха анаҩс лҩыза Фатимеи лареи ииасуеит аҩбатәи абжьаратә школ ахь, усҟан директорс дыҟан Нона Шьоҭа-иҧҳа Хынҭәба. Ашкол усҟантәи аамҭазы аӡәгьы ихьӡ ахӡамызт, анаҩс Гал араион иазааҧсахьаз (иҧсҭазаара далҵхьеит) Тамшьтәи арҧыс Џьансыхә Владимир-иҧа Мураҭиа ихьӡ ахырҵоит.

Илгәалалыршәон аҵаратә процесс аҟны ауадаҩрақәа шырҧылоз арҵагатә шәҟәқәа рыла. Урҭ шәҟәы заҵәык ала акәын аҵара шыддырҵоз аҵаҩцәа. Ашәҟәы ианыз акласстә ҕәы ахь ирыҩуан, уаантәи аҵаҩцәа ихырҩылаауан. Убас мацара акраамҭа аҵара рҵон. Аиашазы, аҧхьаӡа ирцәыцәгьан, аха нас иашьцылеит,агәыбылра ркит. Урҭ аҧхьаӡа аиҵбыратә классқәа аҵара ддырҵон, анаҩс – аиҳабыратә классқәагьы. Зыӡбахә ҳамоу арҵаҩцәеи дареи ахәылҧазқәа мҩаҧыргон ашкол аҿы,ашәҟәыҩҩцәа, аиааира амш, аҧсуа бызшәа амш уҳәа ирызкны. Дазааҭгылеит Аиааира амшныҳәа азгәаҭара иазкны ахәылҧазқәа анымҩаҧыргоз, аҧсуа маҭәала ахәыҷқәа еилаҳәаны, аҧсуа бираҟ хәыҷқәа дыркны ақалақь агәҭа зегьы шьапыла иакәыршаны, убри аҭоурых рзеиҭаҳәо ишеиҿыркаауаз. Убри зегьы аҩаӡара убысҟак иҳаракын, ахәыҷқәа зегьы рхы аладырхәуан. Иара ахәылҧазқәа рыдагьы, ақалақь анҭыҵ имҩаҧысуа аконкурсқәа роума, ашколтә аолимпиадақәа иарбан маҭәарзаалакгьы, мамзаргьы аҵаратә процесс аицлабрақәа роума еснагь рҽаладырхәуеит, аҧхьахәқәа ргоит. Ашкол аҩныҵҟа абызшәа азы  азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла ишьақәыргылоу тест ҳасабла ахалатә усурақәа мҩаҧыргоит, иара убас асеминарқәеи акружокқәеи.

Уи адагьы усҟантәи аамҭазы Гал араион ахадараҿы еиҿкаан хәыда-ҧсада, хатәгәаҧхарала аҧсуа бызшәа аҵара зҭаху рзы аҵаратә процесс. Уи мҩаҧысуан аҧсшьара мшқәа раан, асабшеи амҽышеи. Уахь имҩахыҵуан аҧсуа бызшәа аҵара згәы ацҧыҳәоз аҿар рыдагьы, имҩахыҵуан администрациа аҟынтәи.  Ирзеилымкаауаз рзеиҭарҳәон, анбанқәа ддырҵон. Урҭ абызшәа агәыбылра дзыркуаз иреиуан Альбинеи  Фатимеи. Рџьабаа ахәҧса  Аҧсны Аиҳабыра рыла ироуан.

Альбина иазгәалҭеит, иахьатәи ҳаамҭазы  аамҭа аҽшаҧсахыз, аҵаратә процесс азы  аманшәалара, зегьы рганахь ала еиҿкааны ҧынгыла амамкәа ишыҟоу. Дара апрограммала изыцныҟәо аҧсуа школқәа иртәым, аурыс школқәа рзы еиҿкаау апрограмма ауп. Ашкол аҿы милаҭрацәала аҵаҩцәа ҭоуп, урҭ зегьы бзиа ибаны аҧсуа бызшәа рҵоит. Иара убас иазгәалҭеит, лара 10-тәи акласс напхгара ахьалҭо лҵаҩы Нану Зарақәуа азҿлымҳара лымкаала ишалҭо аҧсуа бызшәеи алитературеи, избанзар лаҧхьаҟа лгәы иҭоуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет абызшәа  азанааҭ алхны аҭалара. Убри азы аҵаратә процесс аҟны адагьы, цхыраагӡа ҳасабала адҵақәа лылҭоит, дазыҟалҵоит. Лара даара гәахәара дула илыдылкылеит, лҵаҩы ас еиҧш иҟоу азанааҭ ахьалылхыз. Избанзар, издыруада аҧсуа бызшәа  аҵаҩцәа абзиабара   днаркызар ҳәа агәаанагара лымоуп.

Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз Альбина иҭабуп ҳәа ралҳәоит, хьыӡҳәалагьы илҳәоит,аамҭа уадаҩқәа раан ҳаҳәшьцәа хәыҷқәа ҳәа, пату рықәҵаны, ирхылаҧшуаз аҧсуа ҷкәынцәа Гал араион аҟны аус зуаз зегьы. Лымкаала Толик Гындиеи, анхарҭа ҭыҧла еиқәыршәаны, Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусзуҩцәа ахьыҩназ  ауада ахьырзиҧшааз Виталик Гәынџьиа.

Аҧсуа бызшәа–амилаҭ бызшәа ҳәа аҵаҩцәа агәыбылра дзыркыз, даргьы анык леиҧш бзиа ирбо арҵаҩы Альбина Ҕәынџьи-ҧҳа илзеиҕьаҳшьап лаҧхьаҟа ақәҿиара дуқәа, аманшәалара. 


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me