Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан»

Амшын еиқәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара ахьӡала абҵарамза аҧхьатәи амшқәа рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысит IХ-тәи аурыс-аҧсуа хәыҷтәы екологиатә форум «Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан» - ҳәа хьӡыс измаз.

Ари аусмҩаҧгатә еиҿыркааит аҳәырԥсарра «Абнатә ҧсаатә ааӡаратә баҳча Имеретиатәи алаҟәыра», Шәачатәи амилаҭтә парк, Аҧснытәи ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Аҧсабара», иара убас еицырдыруа аҧсшьарҭа «Гәбаадәы» («Красная поляна»).

Афорум ахықәкы хадақәа ируакуп Амшынеиқәа ацқьара иазку ашколхәыҷқәа рдырра аизырҳара, аҧсабара аиҷаҳара рылааӡара, есыҽнытәи ихырҳагоу аҧсабарахьчара аусқәа ралагалара.

«Ари афорум акрызҵазкуа арккаратә усмҩаҧгатәқәа ируакуп. Имҩаҧаҳгоит иара сынтәа жәынтәны. Афорум абзоурала еизҳауа аҿар ирымоуп аҭагылазаашьа рыхдырраҟны аҧсабара ацқьаразтәи рдунеихәаҧшра еиҳа инарҵауланы анырра аҟаҵара, иара убас ақәгыларақәа  рхы ралархәра, ргәаанагарақәа реимадара», - ҳәа азгәеиҭеит «Абнатә ҧсаатә ааӡаратә баҳча» аиҳабы Даниил Помаров.

«Аекологиатә форум «Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан» есышықәса еиднакылоит хыҧхьаӡара рацәала Аҧсни Урыстәылеи рҿар. Хықәкы хадас иқәгылоуп аекологцәа қәыҧшцәа рыҭҵаарадыррақәеи, аҧсабара ахьчаразтәи раҧшьгарақәа адгылара рыҭареи, ақәыҧшцәа аҵарауаа ридеиақәа рыцеиҩыршартә еиҧш аҭагылазаашьа рзаҧҵара.

Аҧсшьарҭа «Гәбаадәы» азы акраҵанакуеит ари еиҧш аусмҩаҧгатәқәа адгылара ахьрырҭо. Зегь ҳзыҳәан хымҧадатәны исыҧхьаӡоит аекологиатә хәыцрақәа рырҵаулара. Зеиҧшыҟам аҷыдарақәа ируакуп ари еиҧш аиҧылара ахьымҩаҧысуа ахәыҷтәы еиҿкаарақәеи ашколтә гәыҧқәеи рыбжьара, Амшынеиқәа аиқәырхара иазку рдыррақәа ахьеимардо», - иҳәеит аҧсшьарҭа «Гәабаадәа» аҧсабарахьчареи аҧсшьарҭаҭыҧ арҿиареи рзы аиҳабы Лев Шагаров.

Афорум ахь ааҧхьара рыҭан Аҧсни Шәачеи Сириуси ашколқәа рыҟнытә аҿар.Арҭ аҵараҵаратә хырхарҭақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҵаҩцәа ықәгылеит рыҭҵааратә аекологиа атема иадҳәалоу усумҭақәа  рыла. Иара убас апрограмма иалан арккаратә ныҟәарақәагьы.

«Шәачатәи амилаҭтә парк Амшынеиқәа иалало аӡиасқәа рыхьчара адагьы имҩаҧнагоит еиуеиҧшым арккаратә, аҵаратә усмҩаҧгатәқәа аҭыҧантәи ауааҧсыреи ҧсшьара ҳәа акурорт иаҭаауеи рзы. Гәахәарыла иазгәаҭазар алшоит есышықәса зхы алазырхәуа рхыҧхьаӡареи, аусмҩаԥгатәқәа ахаҭабзиареи, аҿар русумҭақәа рыҵаулареи ахьеизҳауа», - азгәалҭеит Шәачатәи  амилаҭтә парк аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Полина Смирнова.

Афорум аусура ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранашьан асертификатқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.


Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me