Ахьӡ ҳарак зҽаԥсазтәыз

Абазашҭа инхо Ҟарачы-Черқессктәи Ареспублика  зҽаҧсазтәыз артист Хачуков Магомет Азамаҭ-иҧа диит ноиабр 4, 1953 шықәсазы Ҟарачы-Черқесск ақыҭа Ԥсыж.

Дхәыҷаахыс акәашареи ашәаҳәареи дазҟазан, далахәын  ашколтә  ансамбль “Абазинка”.  Абжьаратә школ даналга дҭалоит Краснодартәи акультуратә институт. Аинститут ашьҭахь дхынҳәуеит иҩныҟа, далагоит  аусура  балетмеистерс  Ҟарачы-Черқессктәи жәлар рҟазара Аҩнаҿы.                                                                                                                                       

Уаҟа иара иеиҿикааитт ахореографиатә ансамбль ”Архыз.” Анаҩс, Магомет далагоит аусура  Аҳәынҭқарратә ансамбль “Ельбрус  ” аҿы, уаҟа иқәиргылеит ақәыҧшцәа рыкәашара «Кошара», “Амҳаџьыраа рыкәашара.”

Иахьа Магомет аус иуеит Ҟарачы-Черқессктәи ареспубликатә филармониаҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә кәашара атеатр аҟны музыкантс. Иара убас уи иеиҿикааит қәҿиарала Ҟарачы-Черқесски уи анҭыҵи, еиуеиҧшым  афестивальқәеи аконкурсқәеи  зыҽрылазырхәуа адауласыҩцәа рхәыҷтәы ансамбль.

 Иара убас, Аҧсуа-абаза жәлар рыҿиара иацхраауа  Жәларбжьаратәи аидгыла “Алашареи” иареи русеицура иабзоураны  “Красный Восток” ақыҭа аҟны еиҿикааит ахореографиатә кружок.

Магомет Хачукови Аҧснытәи аколлективқәеи ирыбжьоуп  арҿиаратә еимадара бзиақәа. Иара иқәиргылахьеит еиуеиԥшым акәашара хкқәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҟны еиԥш, аҳәынҭқарратә ансамбльқәа “Шьараҭын”, “Кавказ” рҿгьы.

Аус  ахьиуазаалак, уи еснагь иус дазнеиуеит ҭакҧхықәра ҳаракыла.

Магомет напҟазак иаҳасабала  адаулқәа рыҟаҵарагьы инапы алакуп, урҭ рыла еиқәиршәоит  аҳәынҭқарратәқәа  реиҧш, ахаҧшьгартә коллективқәагьы.

Аҧснытәи аколлективқәа Ҟарачы-Черқессктәи ргастрольқәа реиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп.

Магомет Хачуков дануп  Урыстәыла арекордқәа рышәҟәы. 2019 ш. рзы, 66 шықәса данырҭагылаз, 2200 м. иҟаз аҳаракыраҿы 7 сааҭк  иааиҧмырҟьаӡакәа адаул арҳәарала адунеитә рекорд  наигӡеит.

Абазашҭатәи ҳашьа изеиҕьаҳшьоит агәабзиара ҕәҕәа, ақәра ду, аманшәалара. Уадныҳәалаз  70-тәи уиубилеи!


Сулико Шәардлаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me