Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵала, жәларбжьаратәи атранспорттә бжьысырҭа аргылара мҩаԥысуеит Очамчыратәи амшын баӷәазаҿы. Аҳәынҭқарра Ахада мрагыларатәи арегионқәа рахь иныҟәарақәа ирҭагӡаны аргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит.
Шамиль Апба жәаф шықәса ихыҵуеит. Иара сынтәа ашкол далгеит. Архитектор изанааҭ ала Урыстәыла аҵара дҭаларц игәы иҭоуп. Аха, иара игәы ззыбылуа аус – ажьира, «ахаан икасыжьырц сыҟам, сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит» ҳәа ҳаиҳәеит ҳаиҿцәажәараан.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз ахаҵгыларала Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аҟны иҭыҵит иаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз аԥҳәызба Диана Гәымба лышәҟәы «Аԥсаатә шкәакәа». Ааигәа уи аӡыргара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы.
«Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар амузыкатә ныҳәа рызнаҳгартә алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа абас ралҳәеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу аҟнытә
— Мшыбзиақәа Аслан Гьаргь-иԥа! Иахьатәи ҳаиҿцәажәара ҳалагарц сҭахуп ҳзызгәдуу ахҭыс ала. Ишаҳдыруа еиԥш, ааигәа имҩаԥысит БРИКС имҩаԥнагоз Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа.
Раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәызба – аскульптор, знапкымҭақәа еицакра ақәым Марина Ефрем-иԥҳа Ешба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Уи лгәалашәараз Аԥсны Абанк амузеи аҟны имҩаԥган лусумҭақәа рфотоцәыргақәҵа.