Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы Борис Ҷолариа ихьӡ еицырдыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит,  қәҿиаралагьы адоуҳатә культура арҿиара далагылоуп, иаҧшьгарақәа  рыла илиршахьоу шьардоуп.

«Ар ирнымиаз дхаҵа ҕәҕәоуп» – рҳәоит аҧсуаа ражәа иалаҵаны. Шьаҭанкыла аҧсуа жәлар ҳақәхра игәы иҭакны ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, уи иҿагылара, иқәцара анаҭахыз аамҭазы агәаҕьреи агәымшәареи аадырҧшит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа.

Ҟарачы-Черқьестәыла, Абазашҭа еиуоу абаза поетесса Лариса Шебзыхәа аҧхьаҩцәа дырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит, абаза бызшәала еиҧш, дыҩуеит урысшәалагьы.

Нхыҵ-Кавказтәи ихароу аҳәаанырцәи рҵакырадгьылқәа ирықәбзазо, шьак еицызлоу аԥсуа-адыга жәлахылҵшьҭрақәа ирхаҭарнакцәоу ажәларқәа ҳгәеизыбылра иашьаҭахаша ҳаибабареи, ҳаиҭанеиааиреи ирзынархоу аусқәа рырцыхцыхра ахықәкы хадақәа иреиуоуп, шықәсык аԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аректор,  академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иқәҵарала иаартыз, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада.

Игәы ихон ҧхьаҟа…

12 Жьҭаара 2023 13:14

26 шықәса дшырҭагылаз, аҕа ихымца зыҧсҭазаара ҿахнаҵәаз, арҧыс  Бено Ҟалҕьы иуацәеи-иҭынхацәеи, дыздыруази, ицеибашьуаз иҩызцәеи иӡбахә ианалацәажәо  лабжышда ирызҳәом.

Ихымҽуа ахьаа

12 Жьҭаара 2023 13:11

Аибашьра  алаӷырӡи агәырҩеи ацуп. Ауаҩытәыҩса дызблуа ахьаа имыцәаӡо мцабзуп. Нанҳәамза 30 рзы адунеи зегьы иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара амш.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me