Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

«Иаҳхамшҭроуп еиҭаҟамларцаз», абас ахьӡуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц. Иара аӡыргара мҩаԥысит лаҵарамза 15 рзы, В. Ԥачлиа ихьӡ зху Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол аҟны.
2024 шықәса рзы Краснодар иҭыҵыз, 469 бӷьыц еидызкыло «Иаҳхамышҭроуп еиҭаҟамларцаз» зыхьӡу ашәҟәы рызкуп, Калдахәара, Абгархықә, Аҭара, Ԥақәашь, Ҷлоу, Отап, Бзыԥ, Уаҭҳара уҳәа, аполитикатә репрессиақәа рышықәсқәа раан ааха ӷәӷәа зыҭаз аԥсуа қыҭақәа рынхацәа. Екатерина Бебиаԥҳа ари атема аус адылулоижьҭе акыр жәашықәсқәа ҵуеит. Автор илҳәоит инеиԥынкыланы 45 шықәса рыҩнуҵҟа усҟан ихшьааз аҭаацәарақәа рҭоурыхқәа реизгара дшаҿу. Убри аан иазгәалҭоит ари атема даҽакы еиԥшымкәан аус аудалара шыуадаҩу, избан акәзар, аҭоурых ииашаны анҵара хымԥадатәуп, уи аҟаҵаразы зыда ԥсхәа ыҟам ахыҵхырҭақәа рыԥшаареи рышьақәыргылареи ус имариам. Анаҩстәи абиԥарақәа ииашоу аинформациа рызныжьразы, ари ахықәкы автор аҭакԥхықәра ду иднаҵоит.
Ашәҟәы аӡыргара В. Ԥачлиа ихьӡ зху Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол аҟны аиҿкаара ус машәыршәа иҟамлеит. Ари аҭыжьымҭаҿы иарбоуп арепрессиа ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны иҭакыз-иҭархаз 28 –ба жәла ирыҵаркуа, 52-ҩык Ԥақәашь ақыҭа анхацәа. Урҭ рахьтә жәибыжьҩык иахьырбаандаҩыз абахҭақәа рҿы ашьра рықәҵан. Ирацәаҩуп иахьҭакыз ирхыргоз агәаҟрақәа рызхымгакәан, мамзаргьы аргәаҟрақәа раан ироуз ахәрақәа ирыцәнымхакәан зыԥсҭазаара иалҵызгьы. Иааидкыланы, ҩынҩажәи жәаҩаҩык рҟынтәи еибганы игьежьыз жәаҩаҩык заҵәык роуп.
Ашәҟәы аӡыргарахь ааԥхьара змаз, хыхь зыӡбахә ҳәоу ашықәсқәа раан аҭоурыхтә ӡыблара забшьҭрақәа алаӡыз рзы иагьа аамҭақәа царгьы ари атема ахьаа ацуп. Аӡыргаратә хәылԥаз аҿы иқәгылоз аӡәырҩы ирҳәеит асеиԥш иҟоу ашәҟәқәа аҭоурх аиқәырхара аус аҿы аҵакы ӷәӷәа шрымоу.
«Ианҵоу ыӡӡом-уи зыԥсы ҭоу баҟоуп» ,-ҳәа лассы-лассы Екатерина Бебиаԥҳа лажәа иалоу ахшыҩзҵара, автор лыԥсҭазааратә ԥышәеи, лзаанаҭтә мҩеи, лыжәлар ргәеисыбжь лара еснагь иҵарны иахьылныруази идырҿиеит. 1937-1940-тәи ашықәсқәа ирызку ажурналист ахԥатәи лышәҟы «Иаҳхамшҭроуп еиҭаҟамларцаз», хацлыркуеит арепрессиа ашықәсқәа раан илахьынҵадахаз 204-ҩык Калдахәараа рыхцәажәарала, урҭ рахьтә изымхынҳәӡеит 180. Автор адокументқәа рыла ишьақәырӷәӷәаны иазгәалҭоит усҟан ааха ӷәӷәа зырҭаз, жәаҩыла зыжәлантәқәа ҭаркуаз ишреиуахаз Барцыц, Ҳгәышь, Хышба, Инал-иԥа, Кьетиа, Амԥар, Конџьариа, Бениа, Ҳагба, Агрба, Чыкәбар, Шамба ажәлақәа зхыз ауаа.
Уаԥхьацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа аамҭа еиқәаҵәақәа иргәылакыз асахьақәа узаазыртуа ашәҟәы аҩбатәи ахы рызкуп Абгархықәаа. Ари ақыҭа имоуп акы иаламҩашьо, иҭбаау , даҟьа рацәала еиҿартәоу аҭоурых. Арепрессиа мҩаԥызгоз ажәлар иреиӷьӡақәаз ракәын иззышәарцоз, уи аганахь ала иуҳәозар ари ақыҭа еснагь иалиаауан зыԥсадгьыли зыжәлари рыбзиабара иаԥсахоз ауаа. Автор излазгәалҭо ала 1937 шықәса инадыркны 1940 шықәса рҟынӡа Абӷархықәынтәи арепресиа рызун 36-ҩык. Урҭ рахьтә зегь реиҳа ааха роуит ажәлақәа Ладариа, Смыр, Быҭәба, Оҭырба, Ақырҭаа, Шамба. Даараӡа ирацәоуп ари ашәҟәы иагәылаку аҭоурыхқәа, ирацәаӡоуп ахьыӡқәа аццышә иалымӡыкәа иахьанӡа иааиз. Урҭ рмырӡразы даараӡа аҵакы рацәоуп жә-қыҭак рҭоурх еидызкылаз ашәҟәы «Иаҳхамышҭроуп еиҭаҟамларцаз».
«Аамҭа иаҵәахыз ахьыӡқәа рыԥсы ҭазҵо ашәҟәы-абаҟа»- зыхьӡу аредактор лҟынтә азгәҭаҿы иазааҭгылоуп арҭ адаҟьақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу ауааԥсыра ирхыргаз лабжышда удкылашьа шамуа. «Аха зегь реиҳа сгәы иалоу, имыӡшаз шаҟаҩы ырӡузеи ацәгьаҳәареи, аибаҭиреи, аиҵашьыцреи ирхырҟьаны» ҳәа азгәалҭоит ашәҟәы аредакторцәа руаӡәк Гунда Аӡынԥҳа.
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аҿы иаарԥшуп ажәлар рфырхаҵара, рычҳара, ахара рхәыцра. Араҟа зҭоурыхқәа аагоу рыбжьара иҟоуп аџьамыӷәа цәгьа зыхганы ихынҳәыз, изырӡыз ауаа шырдыруазгьы , рыӡбахә цәырымгакәа, ашьоура иашьҭамлакәа, аӷәӷәара аарԥшны ари амаӡа адамра иҭазгалаз. Урҭ хара рхәыцра, абиԥарақәа аиӷара рыбжьамландаз ҳәа рхымҩаԥгашьа аҿԥшра угәанарԥхоит. «Иаҳхамшҭроуп еиҭаҟамларцаз» цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит ацәгьара ҟазҵаз дызҵалаз агәнаҳара бжьы-абиԥарак ҳақ бааԥсны ишрыцзаауа, ишзымӷьацо, ахҵәара, ахыԥсаара шырзыԥшу… Ашәҟәы еиднакыло ахҭысқәа зегьы архивтә нҵамҭақәа инарҷыданы, изгәалашәо ауаа шаҳаҭра рзыруеит. Ари ашәҟәы шьаҭас иамоу, ахҭысқәа бзианы издыруаз ргәалашәарақәа роуп. 40-45 шықәса раԥхьа автор ианылҵаз ауаа рцәажәарақәа, ргәалашәарақәа гәыцәхеит усҟантәи аҵабырг иахьа аарԥшразы. Ари иреиҳау еихьӡароуп ашәҟәы хатәран, аҵабырг еиҭаҳәаган аҟаларазы.
Елана Лашәриаԥҳа