Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ииун 5 азы усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациахь днеит. Убри аҽны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҟны.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа аминистр иеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа ҳаамҭазтәи аусура атәы.
Ииун 6 азы Москва, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Урыстәылеи Аԥсни адәныҟатәи Русқәа рминистрцәа Сергеи Лаврови Олег Барцыци реиԥылара.
«Ишеилыскаауа аиԥш, ҳазну ашықәс апрель азы амаҵура шәанахадыргыла ашьҭахь Урыстәылаҟа раԥхьатәи шәаара ауп. Шәҟәыла иҟасҵахьоу адныҳәаларақәа инарԥшьны, азин сышәҭ ҩаԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵураҿы хаҭала ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьарц», – иҳәеит Сергеи Лавров, Аԥснытәи иҩыза дидныҳәалауа.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада ҷыдала иазгәеиҭеит ҳтәылақәа шәышықәсала аҭоурых змоу аидгыларала ишеимадоу.
«Уажәы ишьақәҳаргылоит ҳхадацәа рықәҵарақәа инарықәыршәаны атәылахьчара ашәарҭадара еицаҳзеиԥшу ақәԥшылара. Аԥснытәи асоциал-економикатә закәанԥҵареи Урыстәылатәи азакәанԥҵареи еинаалартә иҟаҳҵоит атәанчаҩратә, амедицинатә, аҵарадырратә уҳәа егьырҭ аусхкқәа рганахьала алҵшәақәа ралыршаразы.
Март 5, маи 10 рзы ҩыџьа ахадацәа В.В.Путини Б.З.Гәынбеи реиԥыларақәа ҩба реихшьалақәа рыла иазгәаҭан стратегиала амш аусхәаԥштә. Уи иаҳа инҭкааны иахәаԥшуеит, аҿиара аиуеит ҳминистррақәа рхырхарҭалагьы. Иахьа алшара бзиа ҳамоуп жәларбжьаратәи аренаҿы раԥхьаӡа иргыланы, Аладатәи Кавказ арегион аҟны ҳҽазышәарақәа ишрыцаҳҵашазы ҩганктәи апланқәеи анапынҵақәеи рылацәажәаразы.
«Ҳтәылақәа русеицура амҽхак ҭбаауп. Иахьа уи иҵегьы аҿиара аиуеит», – иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистр Олег Барцыц Москва, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров даниԥылоз.
Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсны ишынарыгӡахьоу атәылазы аҵак ду змоу, зымҽхак ҭбаау апроектқәа. Урҭ ируакуп В.Г.Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», уи 32 шықәса анҵы ашьҭахь абыржәы аусура иалагеит.
«Аусура иалагеит аҳаирмҩа, активлаҵәҟьа иаднакылоит атуристцәа, раԥхьаӡа иргыланы, Урыстәылантәи», – иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада.
Шәҩыла ауаа Аԥсны иаҭаауеит ҳаамҭа иақәшәо афымцадәыӷба «Диоскуриа» ала.
Иара убас, инарыгӡоит зымҽхак дуу аҵарадырратә, амедицинатә проектқәа. Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны аргылара иаҿуп Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа.
«Зҵакы ҭбаау, ихаҭәаау аиԥыларақәа мҩаԥыргахьеит ҳтәылақәа рхадацәа – Бадра Зураб-иԥа Гәынбеи Владимир Владимир-иԥа Путини. Ҳәарас иаҭахузеи, зыҩаӡара ҳараку аусеицура ҳаизыҟазаашьақәа иҵегьы ԥхьаҟа иргоит, аҭагылазаашьа бзиақәа аԥнаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҭышәынтәаланы аҿиаразы», – иаҵишьит аминистр.
Барцыц «Аладатәи Кавказ арегион аҟны ашәарҭадара азеиԥш архитектура аиқәырхара» Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи русеицура акырӡа зҵазкуа аспектқәа ируакуп ҳәа далацәажәеит.
Барцыц, Лавров ҭабуп ҳәа иеиҳәеит МГИМО-и Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә академиаеи рҟны аԥсуа дипломатцәа разыҟаҵара алшаразы.
«Агәра ганы сыҟоуп, ҳара ҳусеицура шыԥкымхо, уи уасхырс иаҵагылоуп ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара аидгыларатә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәаҵәҟьа», – иаҵишьит Олег Барцыц.
Аиԥылара ашьҭахь
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҟны имаз аиԥыларақәа рылҵшәақәа ахәшьара риҭеит даара алҵшәа бзиа рыман, хәарҭара рылан ҳәа.
«Даара аинтерес зҵаз, азҿлымҳара змаз аицәажәара сыман сҩыза, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Виктор-иԥа Лавров иҟны. Ҳрылацәажәеит Аԥсны атәылауаа рзы даара акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы. Иара убас, ҳарзааҭгылеит аконсултә усуеицура азҵаарақәагьы, хазы ҳрыхькьысит ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рырманшәаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра иахылҿиаауа алкаақәа, ҳтәылауаа, ҷыдала аҿар ргәы иҵхо азҵаарақәа», – иҳәеит Барцыц.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр изыхәҭоу аусҳәарҭақәа адҵа риҭеит абарҭ азҵаарақәа аус рыдыруларц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иажәақәа рыла, «ҳаиҿцәажәарақәа рхадараҿы иҟан Аладатәи Кавкази Мрагыларатәи Амшын еиқәеи рҟны ашәарҭадара азеиԥш ҭагылазаашьа аиқәырхара азҵаара.
Хазы хшыҩзышьҭра азун Аԥсны азы акырӡа зҵазкуа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат.
«Ҳәарас иаҭахузеи, ҳарзааҭгылеит асоциал-економикатә усеицура, иахьа Аԥсны иахьаҵанакуа активла иаладырҵәауа, идырҿиауа апроектқәа», – иҳәеит Барцыц.
Иаартхоит аҭыԥқәа хԥа
Аԥсны иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу ахыхь аконсултә ҭыԥқәа хԥа раартра. Ари зыдҳәадоу убри ауп, ҩынтәны атәылауаҩразы Урыстәылаҿы аиқәшаҳаҭра амч анаиу ашьҭахь, Урыстәылатәи апаспортқәа риура зҭаххо ауаа рацәаҩхоит. Абри атәы иҳәеит ТАСС иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
«Ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рырманшәаларазы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара ашьҭахь, абри аформат ала ҳусеицура иҵегьы аҿиара аиуеит. Иахьанатә еиқәыршәоуп аинформациа аимдаразы аусеицура, иаартхоит иҟоу ахыхь аконсултә ҭыԥқәа, избанзар Урыстәылатәи атәылауаҩра ашьҭыхра, Урыстәылатәи апаспорт аиура зҭаху ҳтәылауаа рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоуп. Ҭыԥк еиҿкаахоит Аҟәа ақалақь аҟны, анаҩстәи – Гагра, иҟалап даҽа ҭыԥк – Очамчыра», – иҳәеит Барцыц.
Зегь раасҭа ихадароу аконсултә усзуҩцәа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара ауп.
Аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы
«Аԥсны Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аимадара мырӡкәа иаауеит, уимоу, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы еиҳагьы аусура арӷәӷәара иазыхиоуп», - Урыстәылатәи аинформациатә маҵзура ТАСС акорреспондент даниҿцәажәоз, абас иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Олег Барцыц.
«Аԥсны Шьамтәылатә Арабтә Республикаҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысуаз аполитикатәи, аҳәынҭқарратәии еиҭакрақәа ирыдҳәаламкәа ари атәылаҿы аимадара мырӡкәа иаауеит, уи моу, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы еиҳагьы аусура арӷәӷәара иазыхиоуп. Аԥсны адунеи азы иаартны аҟалара иазырхоуп, ҳсуверенитет, ҳҭоурых, ҳхаҭашьара ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуа зегьы рзы иаартуп», - иазгәеиҭеит Олег Барцыц.
Азхаҵара аҳәаақәа
Аԥсны аинтересқәа азырхоуп излалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла асуверенитет азхаҵара. Аԥсны иара убас уи ахьыԥшымра азхазҵахьоу аҳәынҭқаррақәа рпартниортә, рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа еиҷаҳарала ирызнеиуеит. Абри атәы иҳәеит ТАСС аинтервиу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц.
«Ҵыбыргуп, Аԥсны – ари, ахәҭакахьала, иазхаҵоу ҳәынҭқарроуп, ҳинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла Аԥсны асуверенитет азхаҵара алыршара. Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵаразы аҭакԥхықәра зхахьы изгаз атәылақәа рҟны аиҩызареи адипломатиатә еимадареи даара ҳаҭыр ҳзақәуп, еиҷаҳарыла ҳазныҟәоит, аимадара ҳабжьоуп», – иҳәеит Олег Барцыц.
Иара Никарагуа, Венесуела уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи Аԥсни ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ҿырԥштәыс иааигеит. Убас, аамҭа кьаҿ иалагӡаны абизнес-миссиа Аԥснынтәи Никарагуаҟа ицараны иҟоуп. Уи инҭагӡаны еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратә аизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи аимадарақәа рырӷәӷәареи иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп.