Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Инацҵаны акласс ҿыцқәа цәырҵраны иҟоуп А.К. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.
Абри атәы еилкаахеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥшьаша, рашәарамза 5 рзы иарбоу аҵараиурҭа иаҭаара аҽны.
Аиԥылараан аҵараиурҭа ашҭаҿы игылоу ажәытә хыбра ақәгареи уи аҭыԥан ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ҿыц аргылареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵақәа риҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны аргылара аплан еиқәдыршәарц.
«Иахьа саҭааит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, ахыбра арҭбааразы иҟоу алшарақәа гәасҭеит. Агәра ганы сыҟоуп, ас еиԥш адгылара астудентцәа еиҳа ҩаӡара ҳаракыла разыҟаҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵо», - иҳәеит иара. Уи иажәақәа рыла, еиқәыршәахоит зҵакыра 100 метр ԥшьыркца иреиҳау аҿаԥшьы апроект. Уаҟа иҟалоит акласс ҿыцқәеи астудиақәеи.
Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа, ари ажәытә хыбра 100 шықәса рҟынӡа ахыҵуеит, уи азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иақәшәо иҟаӡам, избан акәзар, аханатә уи азеиԥшнхарҭа аҳасабала идыргылеит ҳәа иазгәеиҭеит:
«Иҟоуп даҽа уадаҩракгьы. Уи аҿыханҵа-сахьаҭыхратә ҟазарҭақәеи аскульптурақәа рыҟаҵарҭақәеи рҿы иҟоу алашара азымхара ауп изыдҳәалоу. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳара илашоу ҟазарҭа заҵәык ауп иҳамоу ҳәа уҳәаратәы иҟоуп».
Руслан Габлиа Аҳәынҭқарра Ахада ари аԥшьгара иаразнак адгылара шаиҭаз азгәеиҭеит:
«Сара сгәы иаанагоит ари азҵаара ӡбахоит ҳәа», - иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аҵараиурҭа аҟазарҭақәагьы дырҭааит. Аҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба Бадра Гәынба апоет Иуа Коӷониа ибаҟа амакети аҳ Леон II ибаҟа апроекти иирбеит. Аҳәынҭқарра Ахада апоет Иуа Коӷониа ибаҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа еиԥш, уажәгьы асквер аҿы игылазар ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.