Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҳәынҭқарра Ахада аусурамш аҩныҵҟала идикылеит ҩажәижәаҩык инарзынаԥшуа ауаа.
Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа идҵаалоз ауаа зыргәамҵуаз азҵаарақәа иреиуоуп ахәышәтәра, аусурҭа аиура, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра уҳәа реиԥш иҟоу. Атәылауаа рызҵаарақәак аҭыԥ аҟны иӡбан. Бадра Гәынба аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа изыхәҭоу анапынҵақәа риҭеит.
Ахатәы интересқәа рыдагьы, ирылацәажәан ауаажәларратә ҵакы змоу азҵаарақәагьы.
Ашьапылампыл асразы ахымхәацәа-ампутантцәа Рфедерациа анапхгара Ахада иҟны аҳәара ҟарҵеит атранспорт азҵаара аӡбаразы. Бадра Гәынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа маҷҩымкәа излоу Афедерациа ақәиргәыӷит адгылара шриҭо ала.
Бадра Гәынба идикылеит иара убас асахьаҭыхҩцәа гәыԥҩык. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҭагылазаашьа атәы, ирҳәеит уи арҭбаара шаҭаху. Бадра Гәынба асахьаҭыхҩцәа ажәа риҭеит иахьаҵәҟьа аҵараиурҭа дшаҭаауа, аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа шҭиҵаауа.
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Гьаргь Колбаиа Аҳәынҭқарра Ахада дидҵааало, Аԥсны ақырҭуа агрессиа аҿагылараҟны Адыгеиа Ареспублика, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа иҟарҵаз адгылара инарҵауланы аарԥшразы аԥшаара-ҭыжьратә проект анагӡаразы ацхыраара даҳәеит. Бадра Гәынба аҵак ду змоу ари апроект адгылара шаиҭо атәы иҳәеит.
Аԥсны Ахада аамҭа-аамҭала атәылауаа идикылалоит рхатәы зҵаарақәа рзы.
Атәылауаа ашәҟәы рҽанырҵоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ауаажәларратә дкыларҭаҿы.