Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Декабр 5 азы аҭоурыхҩҩы, археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу адоктор Мирра Хотелашвили-Инал-Иԥа лиубилеитә рыцхә азгәалҭеит. Ҳазну ашықәс азы уи 95 шықәса лхыҵит.
Ахшара данбзиаха ижәлар дыртәуп, данымҩахҟьа иҭаацәа рымацара дранажьуп. Абри ахшыҩҵак шьақәнарӷәӷәоит иахьа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рганахьала.
Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз жәаа зҵаара рҟынтәи руак ахәаҧшра аанкылан.
1992 шықәса декабр 14 азы Кәыдры аиҩхааҿы, Лаҭа ақыҭан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа еихсны иларышьҭит амацәаз иҭакыз Тҟәарчал аҟнытә Гәдоуҭаҟа иаауаз аҳаирплан Ми-8. Абри агыгшәыгра ахҭыс иахҟьаны иҭахеит 87-ҩык, убрахь иналаҵаны 35-ҩык ахәыҷқәа.
Аҟәа ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа иреиҳауп Аҳабла Ҿыц ҳәа изышьҭоу. Ахатәы ҩнқәа аламҵакәан, 136 ҩнеихагыла ахьыргылоу ари аҳабла иаланхоит 25 нызқьҩык ауааҧсыра.
Апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-тәи, III-тәи аҩаӡарақәа занашьоу Владимир Константин-иԥа Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган аконференциа. «Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала» зыхьӡыз аконференциа мҩаԥысит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.