Ахыб рыԥсахуеит

15 Жәабран 2024 08:08

Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны.
Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц аҟаҵареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит», – адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа.
Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.

Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.

Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.


Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло, Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рылахәхаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Роберт Киут жәларбжьаратәи атерроризм, абџьари анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аҳәаа иахыганы наҟ-ааҟ реикәыршара аганахьала ацәгьоурақәа раԥхьырҟәҟәаареи, ацәгьоуцәа рыԥшаареи, раанкылареи уҳәа ахырхарҭақәа рыла анапхгарабжьаратә усеицура қәҿиарала аҿиара шамоу азгәеиҭеит.
Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков.

2024 ш. февраль мза 4 рзы ақалақь Москва имҩаԥысит Жәларбжьаратәи афестиваль «Многожанровый-конкурс» ҳәа хьӡыс измаз. Уи еиҿнакааит Арт-Комитет «Московское время».

Зегьы ирыцку

15 Жәабран 2024 06:57

Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба иажәақәа рыла есыҽны ахәшәтәырҭа иадҵаалоит зшоура 39-40 рҟнынӡа ихало 70-ҩык рҟнынӡа ауааԥсыра. Урҭ рахьтә аиҳараҩык «агрип А» ҳәа изышьҭоу ачымазара ауп изыргәамҵуа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахатә­гәаԥхаҩы» (Доброволец) «Москва-Аҩны» аҟны имҩаԥнагеит хатәгәаԥхарала Донбас еибашьуаз, уи ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа: Давид Сабекиа, Дмитри Алпатов, Ҭемыр Хараишвили, Мырзаҟан Ачба, Шамил Дасаниа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Гьаргь иџьар» I аҩаӡара ранашьара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Аҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан иҭахаз рҭаацәарақәа. Иара убас «Ауаажәларрратәи хатәгәаԥхаралатәи аџьа Афырхаҵа ахьтәы еҵәа» ианашьан, ааигәа зыԥсадгьыл гәакьа зыԥсыбаҩ амадаз, Донбасс аҭынчра аиқәырхара зџьабаа рацәа адыз Владимир Харабуа.
Афырхацәа рыхьӡ ахааназ кашәара шақәым, урҭ рхы зқәырҵаз, адунеиаҿы аҭынчра аиқәырхареи, уи ахьчареи иарбан абиԥаразаалак рзы ишхымԥадатәу азгәаҭауа, рҵеицәа рыхьӡ анаӡаӡатәра иазааԥсо зегьы «иҭабуп» ҳәа раҳәо ихыркәшан алаӷырӡи ахьааи зцыз аиԥылара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me