Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
М. Лашәриа – дпоетуп, деиҭагаҩуп, дҵарауаҩуп. Аиашаз, уамашәа иубартә иҟоуп абарҭқәа зегь рҿы данқәыҧшыз ашықәсқәа инадыркны илиршаз, ҳдоуҳатә ҧсҭазаара, ҳмилаҭ культура иалеигалаз, дызланыҧшыз.
Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкны
А Д Н Ы Ҳ Ә А Л А Р А
Арҭ амшқәа рзы, Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы аҿар имҩаҧыргеит амитинг. Уи иалахәын нхарҭа ҭыҧла еиқәыршәам, иқәыҧшу аҭаацәарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала ҳҿар қьырала ауада ахә ахшәаауа иҩноуп. Убриаан идырҳауа абжак рхәыҷқәа рааӡараҿ ирыгырхан, рынхарҭа иахҭнырҵоит.
Ҳ-Аҧсны, ҳажәлар дрыҧхеит аҧсуа хаҵа, ахатәра, Аҧсуара алеишәақәа рыла иааӡаз, иныҟәызгоз, аҧсуа гәаҵәа зыҕраз, ауаажәларратә усзҩы, аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы аџьа збахьаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, 46 шықәса инеиҧынкыланы Аҧсны азанааҭеидгылақәа рҟны аус зухьаз, Аҧсны Ихьыҧшым Азанааҭеидгылақәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, уи Апрезидиум алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша» орден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз Анатол Қьаазым-иҧа Бганба.
Иахьа ҳтәыла ахьӡ Аҧсны анҭыҵгьы ираҳаратәы иҟазҵо ираҧхьагылоуп аспортсменцәа ҿарацәа. Аха, уажәы сара зыӡбахә сымоу аспортсмен аҿара днахыҳәҳәахьеит, ишырҳәо еиҧш, иқәрабжа дынҭысхьеит. Отаҧ (Очамчыра араион) ақыҭа иааӡаз Борис Колодиа-иҧа Багаҭелиа дхәыҷаахыс аспорт бзиа ибон.
Аибашьра ҳаҧсадгьыл ахәрақәа ианнаҵаз иахьагьы ҳардысуеит, иҳақәыҕәҕәоит, иаҳныруеит. Еиҳагьы иаблуеит аибашьра зхызгаз, иалагылаз, зҩызцәа звыршьааз… Урҭ ахьаа рыҧсы ахьынӡаҭоу ирыцзаауеит. Ҳаиқәзырхаз ҳфырхацәа рхаҿсахьақәа лаша-лашауа ҳҭоурых иагәылҷҷаалоит. Урҭ рзы дынцәахәны Владислав Арӡынба раҧхьа дгылазаауеит.