Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Шамиль Ԥлиа диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны
Арҿиареи ауаажәларратә усуреи еилазыгӡоз апоет, апрозаик, Аҧсуа телехәаҧшра (Ателехәаҧшреи арадиодырраҭареи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитет) раҧхьатәи ахантәаҩы Шамиль Хәсеин-иҧа Ҧлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аҧшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны еиҿкаан игәаларшәара ахәылҧаз.
Ноиабр 15 рзы Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысыз азыӡырҩра азкын «Иахьатәи ҳаамҭазы Аҧсны ҭыҧс иааныркыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа».
Ааигәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык усуратә визитла ирҭааит Урыстәылатәи рколлегацәа.
Аиҧылара хықәкыс иаман Пицундатәи Аҳәынҭқарратә дача азҵаара алацәажәара. Абри азҵаара инамаданы аделегациа иалахәыз ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧыргеит.
Кавказ ажәларқәа иџьбароу аҟазшьа рымоуп ҳәа шырҳәогьы, ахынкылара рылоуп. Ирымоуп ачҳара. Ачҳара ҕәҕәа рылан аҧсуа жәларгьы. Ачҳарақәа акуп иҩбоуп. Уи урхар алшоит ахьаа ҕәҕәа ачҳарахь. Мамзаргьы ауаҩы егьа акы дахыццакуазаргьы ичҳаны, дызхыццакуа аҧеиҧшра. Ачҳара инаваргыланы аҧсуаа цәаҩаны ирылан ҳҵас-ҳқьабз иузаҟәымҭхо, ҿырҧшыла ада ажәала иузеиҭамҳәо – аҧсуара. Аҧсуара ауп изыдҳәалоу абырг данцәажәоз илабашьа иаирсыз иааигәара игылаз арҧыс ишьапы ишалаҟацазгьы, иажәа еиҧимҟьарц азы ахьаа чҳаны абырг иажәа далгаанӡа ҿымҭ игылара.
Роман Владимир-иҧа Ҵереҭели диит 1973 шықәса сентиабр 13, рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Тамшьтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит азанааҭ-техникатә аҵараиурҭа (Қарҭтәи афилиал). Ибзианы далгоит 1990 шықәсазы. Ашьҭахь аррамаҵура ихигон Агәыӡера, командирс диман Гари Бигәаа.
Роман дҿырҧшыган аррамаҵураҿы, – «имаашьоз, иааӡаз, ламысла идырҵоз зегьы наигӡон, ахәыҷы бзиа дҩашьом» – иҳәалон икомандиргьы зны-зынла. Роман уи иныҧшит аибашьраҿгьы…
Лыхнашҭа. Ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, ҳгәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, ашҭа-ҧшьахь ҳхьазырҧшуа! Ашҭа гәырҕьа-ччабжьыла иҭәуп. Асасцәа аднакылоит.
Лыхнашҭа иахыҩуеит аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә ашәақәа. Гәдоуҭа араион 20 қыҭа хазы-хазы рашҭақәа рҿы еиҿыркааит рхатәы, ақыҭақәа рҭоурых уазҳәо рцәыргақәҵақәа. Раҧхьаӡа акәны ақалақь Афон Ҿыц ахатә ҭыҧ аман, ибзиангьы. Аҧсуаа рынхарҭақәа рҿы ажьи иҟаҵамҭақәа иалкааз аҭыҧ шрымаз аарҧшын. Ажьи қәыҧш джьиуан, икәон. Абиҧарақәа реимадареи аҧсуа жьицәа рҟазареи аҿар ралархәра ҿырҧшыган.