Убасеиԥш иҟаз ҳажәлар рҵеицәа дреиуан, ԥшь-жәашықәсак инарзынаԥшуа зқыҭа гәакьаҿтәи абжьаратә школ адиректорс аус зуаз акымкәа абиԥарақәа реиҵааӡара зџьабаа рацәа аду, урҭ ргәаҵақәа рҿы згәалашәара мрашәахәаны наӡаӡа иԥхало Иван Шьыма-иԥа Кәыҵниа.
Арҵареи ааӡареи дәахьтәи ҽырбагас акәымкәа, гәыла-ԥсыла аҿар дыррак раунда, рхәыцра ҵауланы, ауаҩра рыланы еизҳандаз ҳәа зус иазнеиуаз напхгаҩын, мҩақәҵаҩын Иван Кәыҵниа. Уи дырхаҭарнакын иаҳхысыз ашәышықәса актәи азыбжа ахыркәшамҭазы «аԥсасира» зыхьӡырҵаз, усҟантәи атәыла ду зымҽхазкыз ацәқәырԥа иабзоураны, аинылара иалагаз аԥсуа интеллигенциа. Ирҿиаратәи иааӡаратәи ус аҿы хадара аман ианакәызаалак иԥсадгьыли ижәлари рыбзиабара. Уи акәын иара ааԥсарак изымдырӡо аус изыруазгьы. Еснагь уи хьаас иман ҳажәлар рыҿиара, реизҳара, ҳхатәы бызшәа алахьынҵа, уи анарха. Урҭ азҵаарақәа ирыдҳәалоу игәы иахәо акы ибар ма иаҳар, уи егьа ицәыкәбарзаргьы, Иван Шьыма-иԥа жәҩангәашәԥхьара изаатуан. Аԥсуа бызшәеи алитературеи, мамзаргьы Аԥсны аҭоурых иазкны иааӡамҭацәа акы анырзеиҭеиҳәоз, данырзалацәажәоз, ихы-иԥсы зегьы аҭаны акәын ишрызнеигоз. Убас иҟаз иқәгыларақәа ируакуп ҳаԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ишәыдаагало, еицырдыруа аԥсуа поет, аԥсадгьыл ахьчара фырхаҵарыла зхы ақәызҵаз Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа диижьҭеи 50 ш. аҵра иазкны, иара инапхгарала 1962 ш. рзы еиҿкааз ахәылԥаз аҟны иҳәаз ажәа...
Л.Кәыҵниа изкны ажәақәак
Асовет литература ашәаҳәаҩцәа руаӡәк дреиуан, заанаҵ анапы хәымгақәа зыԥсҭазаара иалырхыз Л.Кәыҵниа. Уи 50 шықәсхыҵра мҩаԥыргоит ҳәа иқыҭа, иҳабла ианраҳа ҵыхәа ԥҵәарак амамкәа ирхалт агәырӷьара, дырзаазшәа днарбеит уи адырраҭара иашьцәа, иҭаацәа, ииашьара. Ирбеит уи дхыцәӡа деилҟьа-еилӷәыцәӡа, ахәы ҳарак, ахәы ԥшӡа дықәлан иҩны дааизшәа. Иҟалап уи лнапы ыргьажьуа диԥыларызҭгьы лыԥсы ҭазар иан дзыхшаз, кыка хшыла дзааӡаз. Еизеит иҩнаҭа, ирыздырам ирзыҟарҵара, аҵеи хьӡырҳәага ихьӡ мырӡкәа иахьа ииубилеи азгәазҭо. Аҵыхәтәан иагьырыӡбеит ираҳҳәап ҳәа иҩызцәа гәакьақәа, иуаажәлар, еснагь бзиа иибоз, аԥсуа ажәа «иҭабуп» ҳәа. Ари аҵкыс ирзымԥшааит еиҳаз. Иагьа деигәырӷьарын ишьха ҳаракқәа дрықәгылан далаԥшуазар уи иқыҭа иахьа ишышәҭыкакаҷыз, ишазҳаз, ишазыӷьаз. Л.Кәыҵниа Аҭаратәи ашкол аҿы аҵара аниҵоз аӡәык- ҩыџьак ракәызҭгьы аҵаҩцәа иҟаз, иахьа имаҷым рхыԥхьаӡара. Иахьа иуҳәартә иҟоуп уаҳмырԥхашьеит ҳаҷкәын Леуарса, уцәажәа, уҩызцәа урзаԥхьа бжьы ҿацала, упоема «Акомҿар» ҳәа:
Игәырӷьоит ихәмаруеит
Иахьа умшын ацәқәырԥа
Игәырӷьоит ихәмаруеит
Уҳаблагь иахьа
Игәырӷьоит ушьхақәа
ухәы-ԥшӡа еснагь иубалоз
Игәырӷьоит мшыбзиа ҳәа
Уаб иашҭа иҭало ҩаԥхьа.
Ан дҵәыуоит лԥа данԥслакь, аб илабжышқәа хаддылоит иҷкәын дҭахар, аха иҵәыуом иҳабла, иҵәыуом иҩнаҭа, урҭ ирҭахым удырԥхашьарц уҩызцәа рыгәҭаны. Ҳара иаҳҳәарц ҳҭахым Л.Кәыҵниа ипоезиа халеит иреиҳаӡоу акәаԥ аҿы ҳәа, аха имч илша деигӡомызт, бзиа ибон иаԥсуа жәлар, пату ақәиҵон амилаҭқәа реиҩызара. Уи иажәеинраалақәа бзиа ирбоит ахәыҷқәа, ирҵоит ҿырҳәала. Иахьа дхыцәӡа, Л.Кәыҵниа ифырԥҳәызба Шьаризан дубоит аколнхараҿ, икәымжәы ԥхьаршәҭны дԥыруа далоуп Даур. Уи иан илҳәозҭгьы амыткәма «уаа нан, уан жәымҭацәгьа уан акгьы зымбакәа зыбла ҭшәаз» уажәы иазыӡырҩуеит ан ахцәышла лашәа гәырӷьахә. Игоит Л.Кәыҵниа ифырхацәа рышьҭыбжь ашахтақәарҿ иҿацаӡа, игоит аԥсҭазаара ԥхьаҟа изго аҿар рыгәҭаны.
Л.Кәыҵниа ирӡуамызт минуҭкгьы баша, ицәымӷын аус аниуа аӡәы диԥырхагахар зны-́зынла истол дызқәыҩуаз аԥшырҭа иаларгыланы дыҩуан. Шаҟа дгәырӷьарыз, иахьа ибар абас аԥсуа жәлар еиҵаҩҩы. Уашьцәа угәылацәа ужәлар рыхьӡала иҳазраҳә Беластокаа, ахы мыжда амч ахьашәаз ушымԥсыз, уԥсы шҭоу ушырку ушьха ӡыш дуқәа уҳаракны, ишизмырӡыз аӷа хәымга хыла ухьӡ-уԥша. Егьырҭ аԥсуа интеллигенциа реиԥш, иазгәаҭатәуп Л.Кәыҵниа имҩа алхразын даара ацхыраара шыҟаиҵоз аԥсуа шәҟәыҩҩ гәлымҵәах, қыҭак ицалҵыз С.Ҷанба.
Аҭараа рыхьӡала исҳәар сҭахуп ишырҭаху ашколи аколнхареи рыхьӡ рхызарц.
Ишәзеиӷьасшьоит ҳлитература ашәаҳәаҩцәа иреиӷьу ақәҿиара бзиаӡақәа. Сықәгылара хсыркәшоит Леуарсеи шәнызқьҩыла уи иҩызцәеи ҳаԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз аҵеицәа хьыӡкамшәақәа ирыхьӡынҩылоу цәаҳәақәак рыла:
Амца дырцәарц амца
иажәлеит.
Ҳа ҳдауаԥшь гәымшәақәа.
Аӷа дԥыххаа, аӷа дҟәаҟәа,
Ҳа ҳаԥсадгьыл дыркаҷҷарц.
Шәа шәызмардаз
адгьыл гакьа,
Ҳарҭ наӡаӡа ҳакәыхшоит.
Шәа шәгәымшәара, шәа
шәхаҵара
Хашҭра амамкәа иаҳзынхоит.
Шьазина Кәыҵниа,
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.