Аԥсуа театр иагәадуроу

Аԥсуа театр, ахәаԥшҩы бзиа гәыхыҭ-хыҭрала еснагь дыззыԥшу, аԥсуа сцена аҳкәажә Софа Хынтрыгә-иԥҳа сынтәа илхыҵит 85 шықәса, иара убас сынтәа 10-шықәса рхыҵуеит лара еиҵалааӡаз Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿартә Театр.

Абри акрызҵазкуа арыцхә азгәарҭон С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр азал ду аҿы. Адныҳәаларахь иааит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар.
Атеатр афоие аҿы еиҿкаан ацәыргақәҵа, актиор иналыгӡоз арольқәа ахьаарԥшу, иара убас аҭӡы лаша дырԥшӡон иахьа 10-шықәса зхыҵыз Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр артистцәа.
Еизаз зегьы азыԥшын зрольқәа рыла бзиа еицырбахьоу Софа Агәмаа лцәырҵра, аха аԥхьа ажәа рыман лҟазара змадаз, жәашықәсала асцена амаӡақәа злырҵо актиорцәа ҿарацәа. Урҭ инеимда-ааимдо иаԥхьон актриса ду лырҿиарамҩа, лҭоурых. Софа Агәмаа лыԥсҭазаараҿ ихадоуп» атеатр, уи лажәақәа ҳарзыӡырҩыр агәра ҳгоит,атеатртә ҟазара лара лзын ԥсыԥ лагаҩагарак, дунеи ҭбаа-ҭыцәк ишаҩсуа, абар лара лажәақәа: «Бзиа ижәбома шәара атеатр сара бзиа ишызбо еиԥш, шәхы-шәыԥсы нақәҵаны, адунеи иқәу зегь реиҳа аиааиреи аманшәалареи раамҷыдахаз. Иарбан ҟазароу ушьа-уда иҭысны уԥсы ухазҵо; ареализм, аепопеиа, адрама, иарбан иаҳа иалшәхуа шәара? Сара адрама алсхуеит. Адрама – ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара злеибарку арахәыцқәа рыԥшшәхәы аныԥшуеит, ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу дыҟазаауеит зегь реиҳа ауаҩы ихаҭара иацклаԥшуа аӡәы иакәны, иԥсҭазаара ҳәаақәнаҵоит», актриса арҭ лажәақәа рзынархоуп асцена ду ашҟа агәаӷьра аазырԥшыз аҿар.
Имариам аԥсуа сцена аҳкәажә Софа Агәмаа дызнысыз амҩа, лара дреиуоуп 50-60-тәи ашықәсқәа раахыс зыжәлар рҿахәы зҳәоз, рыбзазашьа асценаҿ иӡырызгоз актиорцәа. Лара иаԥылҵахьоу ахаҿсахьақәа акы иалаҩашьом, уи алагьы лыжәлар, ахәаԥшцәа рыбзиабара даԥсахеит. Жәлар рартистка ҟазарала иналыгӡахьоу арольқәа иреиуоуп: Д.Гәлиа «Анаурқәа» аҟны Селма лроль, А.Лагәлаа «Абраскьыл» – Уардахан, Ш.Ҷкадуа «Акьанџьа» – Кафа, Шварц Аҳәынҭқар ҟьантаз» – агувернантка, Шекспир – «Отелло» – Емилиа, Б.Шьынқәба «Нас ишышәҭаху– Тара-Таразиа. Н.Ҭарба, «Ашәа аԥҵара мариам», – Асида, «Електра» – Бланш Диубуа.
Софа Агәмаа акымкәа-ҩбамкәа асахьаркыратә фильмқәа рҟынгьы лыҽҭылххьан. «Хҭырԥа шкәакәа», «Иԥшьоу асаркьал аҵәҵәабжьы», «Анапыхьараџь» уҳәа иҵегьы. Лара илылшон ҟазара дула, адраматә хаҿсахьақәа раԥҵара, иара убасҵәҟьа уамашәа илыцааиуан акомедиатә хаҿсахьақәа. Режиссиорк иаҳасабала иқәлыргылахьеит Фазиль Искандер, Антон Чехов, Едуардо де Филиппо рырҿиамҭақәа. Атеатр аҩналара ҳгәазырԥхоз, асценахь иаацәырҵындаз ҳәа ҳаззыԥшыз, ҳактиорцәа дуқәа аӡәырҩы иахьа даҽа дунеик иазацахьеит. Убарҭ иреиуоуп зҟазарала жәлар рыбзиабара зчаԥаз: Минадора Зыхәба, Азиз Агрба, Чынчор Џьениа, Амиран Ҭаниа, Сергеи Сақаниа, Мажара Зыхәба, Олег Лагәлаа, уҳәа ирацәаҩны. Аха иахьа иҳамоуп анцәа имҭаны абаҩхатәра злоу аҿар. Урҭ реиҵааӡараҿы лџьабаа даара ирацәоуп Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмаа. Ари аус ԥшьа ргәаладмыршәар ауамызт лиубилеитә хәылԥазы аҟны лааӡамҭацәа, актиортә ҟазара аҟәша.
Амилаҭтә актиортә школ ашьаҭаркҩы лоуп, раԥхьаӡа акәны 1998 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаԥҵан лара лнапхгарала.
Аамҭаказы еиҿылкаауеит актиорк имацара дызлахәыз атеатр, лавтортә программа лыманы Аԥсны дахысуеит, дықәгылахьан Москва ҳдиаспора рааԥхьарала. Уи лықәгылара апрограмма аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын Фазиль Искандер. Еиҭалгахьан, асценариақәа рылылххьан Искандер иҩымҭа «Харлампи Деспинаи», «Иҟан лыгажәыки ҭакәажәыки» «Ажьақәеи рхымаҭқәеи». Арҭ арҿиамҭақәа лара амыҟәмабарақәеи аиашамрақәеи дыриааирц азыҳәан агәацԥыҳәареи амчи лыларҵон.
Ирҳәоит аԥсҭазаара шаҟа укыднаҟьо аҟара уӷәӷәахоит ҳәа. Софа Агәмаа 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы арежиссиор изанааҭ лҽазылкит. Ателехәаԥшра арежиссиор Амиран Гамгиеи лареи еицхырааны Миха Лакрбеи Шоҭа Ҷкадуеи рҩымҭақәа ирылхны ателефильмқәа маҷымкәа иаԥырҵеит: «Сыхаара б…» «Иареи лареи», «Ҭатчкеи Қьышьуарди», «Нас дабаагари» убас егьырҭгьы.
25 шықәса ҵуеит Софа Агәмаа ауниверситет аҿы актиортә ҟазара аҿар идлырҵоижьҭеи. Абар шьҭа 15 шықәса ҵуеит лара длывагыланы режиссиорс аус иуеижьҭеи лҵаҩы Аслан Еныкь.
Аиубилеитә хәылԥазы иалахәыз идырбан авидеонҵамҭақәа Софа Агәмаа лиубилеиаз иҟарҵоз адныҳәаларақәа: Алиса Гыцба, Фатима Чыргынӡиа, Адыгеиатәи адраматә театр актиорцәа, урҭ иазгәарҭон Софа лыԥсҭазаара зегьы ҵак дула ишгәылҭәаау.
Иазгәаҭан иара убас, аиубилиар напхгара зылҭо, иахьа 10-шықәса зхыҵыз аҿар ртеатр иамоу аихьӡарақәа, урҭ ррепертуар рыманы Аԥсны анҭыҵгьы акырынтә иқәгылахьеит, ақәҿиарақәа аадырԥшхьеит. Агәыӷра ду ҳазҭо актиорцәа ҿарацәа иреиуоуп Альдона Адлеиба, Есма Шуген, Аслан Анқәаб, Аслан Ӷәынџьиа, Ахра Кәарҷиа, Мдар Сақаниа уҳәа егьырҭгьы. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа актриса лиубилеи азы иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазаратә факультет адекан Нугзар Логәуа.
Аԥсны акультура аминистр их­аҭыԥуаҩ Динара Смыр, Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны жәлар рартист Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмаа лџьабаазы «Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа Зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы шлыхҵоу рылалҳәеит.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me