Афорум хықәкы хадас иамоуп активра аазырԥшуа, ауаажәларратә бзазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ацхыраара рыҭара иазыхиоу, уи аҿиара иазҿлымҳау ауаа реидкылара.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа ирымоуп алшара еиуеиԥшым аҟаза классқәа, алекциақәа, асеминарқәа, аурокқәа, иара убас агәыԥтә усмҩаԥгатәқәеи рхы рыладырхәырц.
Аусура актәи амш азы алахәылацәа Кирилл Богданов илекциа иазыӡырҩит – уи излеиҳәаз ала, хықәкы хадас иқәгылоуп 2030 шықәсазы 45% аҿар хатәгәаԥхаралатәи аусура радԥхьалара.
Иара убас Евгениа Евглевскаиа имҩаԥылгеит «Что такое волонтерство? Этический кодекс волонтера» ҳәа хьӡыс измаз алекциа.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа хатәгәаԥхарала аусура ауаажәларразы иамоу аҵакы еилыркааит, насгьы аресурстә центрқәа рнапхгаҩцәа азааҭгылеит хатәгәаԥхаралтәи аиҿкаарақәа рыҿиара азԥхьагәаҭақәа.