Амшын аԥшаҳәа арԥшӡаразы

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ихантәаҩрала амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысит ақалақь аиқәыршәаразы акомиссиа анҭыҵтәи аилацәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

 Уи рхы аладырхәит аҳҭнықалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа, Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа, ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа  аусзуҩцәа, аекологиа азы Аҳәынҭқарратә еилакы, аботаника Аинститут ахаҭарнакцәа, иара убас апроектҟаҵаҩцәа, Москвантәи иааны иҟоу аландшафтә дизаинерцәа.

Аилацәажәара иалахәыз ареконструкциа апроекти адгьылаҵантәи акоммуникациақәа рысхемеи рыманы амшын аԥшаҳәа иаԥну апаркқәа ирҭааит. Урҭ араҟа игәарҭон ариаҵәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбан ҵлақәоу зеиҭаҳара ҟало, иара убас адгьылаҵантәи акоммуникациақәа рышьақәыргылараан аԥхасҭа рымамкәа иаанужьыр зылшо аҵиаақәа.

Константин Ҭарба инаҵшьны иазгәеиҭеит акомиссиа азы хықәкы хаданы ишыҟоу аԥшаҳәа мҽхакы ҭбаала ареконструкциа амҩаԥгараан араҟа иҟоу аҵиаақәа ироуа аԥхасҭа излауа ала армаҷра. «Аспециалистцәа аԥшаҳәа ареконструкциеи аиқәыршәареи рзы аконцепциа иалоу  ауаажәларратә ҵакырақәа рыпроект ҟарҵоит. Анҭыҵтәи акомиссиа ишьақәнаргылоит амаланыҟәатә мҩахәасҭақәа ахьыҟало, ашәшьыра зырҿио аҵиаақәа реиҭаҳара, зыхә дуу аҵиаақәа рыхкы аԥхасҭа рымҭара алыршара уҳәа азҵаарақәа рыӡбара алнаршоит. Аԥшаҳәа зегьы иахьаҵанакуа ирацәаны аҵиаақәа еиҭаҳахоит. Зегьы азакәан иақәшәо иҟаларц азы ҳара аспециалистцәа адҳаԥхьалоит – аекологиа азы Аҳәынҭқарратә еилаки аботаника Аинститути рҟынтәи аекологцәа, аландшафттә дизаинерцәа.

 Ҳкомиссиа ахықәкы хада – аԥшаҳәа ареконструкциа амҩаԥгараан аҵиаақәа ироуа аԥхасҭа излауа ала армаҷра ауп», – ҳәа иҳәеит Константин Ҭарба. 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me