Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа азыҟаҵара аихшьаалақәа ҟаҵо, хаҭалатәи аилазаара инанагӡоз аусура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, иазгәеиҭеит урҭ рзанааҭдырра шыҳараку, ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны рынагӡара ишазыхиоу.
Афестиваль рхы аладырхәит 630 команда, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь иалхын 80.
Хәаԥ ақыҭан дынхон-дынҵуан аҟыбаҩ ҷыда злаз, «амца дақәуҵар дбылуам» ззырҳәоз, Гәдоуҭа араион еицырдыруаз аҽыбӷаҟаза, аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьа аҟны аӡә иҵамхоз, зысасдкылара ҭбааз, ачеиџьыка змаз, аԥсуа нхаҩ нага, сабду, Шәарах Хаԥшь-иԥа Гәажәба.
Хәажәкырамза 12 рзы ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгахоит атәылауаҩратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара».
Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа аатит.
Аканализациа ашьҭаҵара иадҳәалоу зымҽхак ҭбаау аусурақәа рымҩаԥгара инамаданы Ԥицунда ақалақь узлалсуа амҩа аамҭала иаркуп.