Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҿы иӡырган аԥсышәала иҭыҵыз аудиошәҟәқәа хәба.
Атекстқәа абжьы ахарҵеит аԥсуа актиорцәа. Арҭ рҩызцәа аудиошәҟәқәа рзыӡыҩрра аԥхьаҩцәа агәахәа рнаҭоит. Иахьатәи аамҭазы ари аформат ажәлар еиҳа ирзааигәоуп, иргәаԥхоит,еиҳаракгьы еиҵагыло абиԥара.
Аманда Анталаа

Зажәеи зуси еицнагаз

10 Ԥхынгәы 2024 08:52

Аԥсуаа жәытә-натә аахижьҭеи рыԥсҭазаара аҟазара иагәыцә хадан. Ажәлар шәышықәсала иаԥырҵоз ашәақәеи акәашарақәеи абырлаш еиԥш иԥсаҟьаны ҳмилаҭ ирыларыԥсон.

Аҩбатәи абжьаратә школ аҿы имҩаԥысит Аҟәа ахадара аҵара аҟәша еиҿнакааз ахԥатәи аԥхынтәи арҵаҩратә ҟазаратә школ аусура аихшьаала.
Шықәсык инаркны хәышықәса рҟынӡа аусуратә ԥышәа змоу ҩышәҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа қәыԥшцәа аҟазаратә классқәеи атренингқәеи ирылахәын.
Аҵара аҟәша еиҿнакааз арҵаҩратә ҟазаратә школ апроект адгылара арҭеит аҳҭнықалақь ахадара. Уажәшьҭа хышықәса ҵуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рыҩнуҵаҟа азҿлымҳара ду аҵаны имҩаԥысуеижьҭеи ари аусмҩаԥгатә.

Жәытә-натә аахыс ҳажәлар ирылиаауеит дара рыхьӡ ҭызго, Аԥсны адунеижәлар ирзырдыруа аҵеицәа. Убарҭ дыруаӡәкуп еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, ҭеиҭԥшла, бжьыла адунеи асценақәа зыршанхахьоу, ҳажәлар зызгәдуу, еҵәахәыс иршьо Хьыбла Гьерзмаа.

Акыр шықәса ҵуеит Урыстәыла ииуль 8рзы аҭаацәареи,абзиабареи,аиашареи Рымш азгәарҭоижьҭеи. Сынтәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин ирылаиҳәеит 2024-тәи ашықәс аҭаацәара ишашықәсу ала.

Ԥхынгәымза 9 азы 75 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ,амилаҭтә категориа аӡбаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрра абҩарҵәыреи, аспорти, аррахь ааԥхьара аԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәеи рыҟәша аиҳабы, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә олимпиатә еилакы алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ||| аҩаӡара занашьоу Аслан Қәҭи-иԥа Ҭаркьыл.
Изеиӷьаҳшьоит аманшәалара, ашықәс рацәа агәабзиара ацны!

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me