«Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар амузыкатә ныҳәа рызнаҳгартә алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа абас ралҳәеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

«Убри ауп ҳара ҳамҩа»

25 Ԥхынгәы 2024 07:56

Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра  иеиҭаз аинтервиу аҟнытә  

— Мшыбзиақәа Аслан Гьаргь-иԥа! Иахьатәи ҳаиҿцәажәара ҳалагарц сҭахуп ҳзызгәдуу ахҭыс ала. Ишаҳдыруа еиԥш, ааигәа имҩаԥысит БРИКС имҩаԥнагоз Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәызба – аскульптор, знапкымҭақәа еицакра ақәым Марина Ефрем-иԥҳа Ешба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Уи лгәалашәараз Аԥсны Абанк амузеи аҟны имҩаԥган лусумҭақәа рфотоцәыргақәҵа.

Аҟәа, ииуль 23 аҽны

24 Ԥхынгәы 2024 09:08

Аԥсны ахи-аҵыхәеи Егры инаркны Ԥсоунӡа иазгәарҭоит Абираҟ амш.

Аԥсны араионқәа зегьы рҟнеиԥш, ари амш азгәарҭеит Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿ еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Еизаз, еиҳарак ҳасасцәа, аԥсшьаҩцәа рыбла хыркуан аԥсуа милаҭ маҭәа рышәҵаны, Аԥсны абираҟқәа рхашәыршәыруа ашҭа ҭзырҭәаауаз аҿар. Уантәи ҳбираҟқәа ҳаракны икны шьаҿеиқәшәала, инеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ашҭахь. Уаҟа еиҿкаан Аԥсны Абираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Аконцерт аартын Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Арухаа дзыԥхьоз Рушьбеи Смыр иажәеинраала «Аԥсуа бираҟқәа» ала. Аконцерт амҩаԥгаҩ Алхас Ҷолокәуа еизаз  дырзаԥхьеит Аԥсны Абираҟ аҭоурых.

Аԥсны аҳәынҭқарра акультура Аминистрра анапхгарала еиҿкааз аконцерт гьама ҳаракыла имҩаԥысуан.

Аконцерт хацыркын Ҭемыр Ҭаниа Аԥсынра иазкны инаигӡоз ашәа хаа ала. Ансамбль «Аԥсны – 67», ахореографиатә ансамбль «Уарада», Омар Сангулиа, Роза Чамагәуа напхгара зылҭо абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» асцена ықәдырцәажәаауан. Ҳасасцәа ирзыџьашьатәын 80 шықәса ирхыҳәҳәахьоу ҳбыргцәа ахьшьыцбақәа реиԥш асцена иқәԥыраа иахьыкәашоз.

Ирацәан угәы шьҭызхуаз, узырлахҿыхуаз ари апрограммаҿ. Акраамҭа зышәабжь ҳмаҳацыз, иахьа аамҭала Москва инхо, ҳашәаҳәаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Одиссеи Аџьынџьал. Иара аныҳәа ԥшьа аҳаҭыраз еизаз ирзынаигӡеит зегь бзиа еицырбахьоу иашәақәа фба. Насгьы иигәалаиршәеит Аԥсны анҭадырцәуаз аибашьра ахыркәшамҭаз, Егры ацҳаҿ Аԥсуа абираҟ иара инапала ишхишьыз.

Нана Черқьезиа, Нугзар Какалиа, Алиас Абыхәба, ансамбльқәа «Уарада», «Абаза», Хьыбла Мықәба, Рамина Задеи уҳәа рҟазарала идырԥшӡон аныҳәатә концерт.

Наира Сабекиа

Апоет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа 75 ш. ихыҵуеит. Зыԥсҭазаара зегьы, арҿиара еиԥш, зыԥсадгьыли зыжәлари рымаҵ аура иазызкыз мшаҽнеиԥш, адоуҳатә культура дазааԥсоит, илагалагьы шьардоуп.

Аҳәынҭқарратә герби Аҳәынҭқарратә бираҟи ирызкыз азакәанқәа рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me