Аԥсуаа ражәа иалоуп ахаҵамԥҳәыс ҳәа. Уи ус башаны иҟамлеит. Жытәаахыс ашәарыцара ахацәа ирусны иԥхьаӡоуп, аха уи ус шакәымлырҵабыргуеит аҭыԥҳа ашәарыцаҩ Кама Кәыҵниаԥҳа.
Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы имҩаԥысит Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа апоет-академик, ауаажәларратә усзуҩы, Владимир Константин-иԥа Занҭариа ишәҟәы «Культурный оазис Пицундского «Литфонда» аӡыргара.
Цәыббрамза хәба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҵара аминисрра актәи аколлегиа аилатәара.
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иҟоу Аминистрцәа Рсовет ахыбра аиҭарҿыцра иазку апроект азы аицлабра рылаҳәахоит.
Аҟәа, Лакоба имҩаҟны иҟоу Сергеи Кириенко иҭаацәа ахьынхоз иҩны ҳамҭас иаҭахоит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр.
Сентиабр 5-7 рзы Красноиарск ақалақь аҟны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы, 18 ш. зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара, хынтәны аолимпиатә хәмаррақәа ирчемпионхахьаз, ааигәа иаалырҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Буваисар Саитиев игәалашәара ахьӡала имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәагьы.